Казакова Аԥснытәи лцәаҳәа

© Sputnik / А. Князев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕицырдыруа аурыс поетесса Римма Фиодр-иԥҳа Казакова
Еицырдыруа аурыс поетесса Римма Фиодр-иԥҳа Казакова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа аурыс поетесса Римма Фиодр-иԥҳа Казакова диит Ставрополь, 1932 шықәса ажьырныҳәа 27 рзы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Римма Казакова дравторуп хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, лара лоуп изҩыз ашәақәа: "Мадонна", "Ненаглядный мой", "Ты меня любишь" уҳәа егьырҭгьы ашәақәа ражәақәа. Ажәеинраалақәа рыҩра адагьы лара аиҭагара лнапы алакын.

Апоетесса лассы-лассы Аԥсны даҭаалон. Бзиа илбон. Аԥсни лареи реизыҟазаашьа атәы лҳәеит Анна Броидо лышәҟәы иацылҵаз аԥхьажәаҿы.

"Ииасыз ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы сара аҭаацәара салалеит. Сыԥшәма иҩыза, Гьаргь Дмитри-иԥа Гәлиа ҳара Аԥсныҟа ҳнеиԥхьеит. Гьаргь иаб инхарҭа Аҟәа рацәак иацәыхарамызт, Гәылрыԥшь ахьӡын. Иан, Елена Андреи-иԥҳа, милаҭла дқырҭуан. Леиԥш зеиԥшу аԥҳәыс дыҟамызт. Оумашәа иԥханы ҳлыдылкылеит", ҳәа лыҩуеит Казакова.

Аԥсны лыҟазаара ашьҭахь Римма Казакова илыӡбеит аԥсуа поетцәа рырҿиамҭақәа реиҭагара.

"Москваҟа ҳхынҳәит насыԥ ҳаманы, ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо, ҳаԥсы шьаны. Аамҭақәак рышьҭахь сара дысхылҵит аԥа. Уи нас, дахлафны сара саԥсуоуп иҳәалон. Даныҩеидас иаргьы ҳара ҳаиԥш Аԥсны бзиа ибеит. Сара сакәзар, атәылеиԥш бзиа избеи, сыхнахит аԥсуа бызшәа. Нап асыркит Баграт Шьынқәба, Иуа Коӷониа, Нелли Ҭарԥҳа, Кумф Ломиа, Кьыршьал Чачхалиа, Иван Ҭарба ражәеинраалақәа реиҭагара", —ҳәа лгәалалыршәоит лара.

Апоетесса лхәыҷраамҭақәа лхылгеит Беларуссиа, ашколтә аамҭақәа – Ленинград. Казакова доушьҭымҭоуп Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет. 1958 шықәса рзы иҭыҵит раԥхьатәи лажәеинраалақәа реизга "Встретимся на Востоке".

"Римма Казакова Аԥсны даара бзиа илбон. Аԥсуа культура акәзар дахӡыӡаауан, еиҭалгоз ажәеинраалақәа Москватәи ажурналқәеи агазеҭқәеи рҟны илкьыԥхьуан", ҳәа еиҭеиҳәоит аԥсуа шәҟәыҩҩы Анзор Мықәба.

1976 — 1981 шықәсқәа рзы Казакова СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан, Аҳәаанырцә ааигәеи аҳәаанырцә хареи ртәылақәа рбызшәақәа рҟынтәи аиҭагара мҩаԥылгон.

"Аԥсуа поетцәа рырҿиамҭақәа реиҭагара аус ду азылуит Римма Казакова. Ла лоуп еиҭазгаз Иуа Коӷониа ирҿиамҭақәа раӷьырак. Даара ҟазарыла аиҭагара лылшон", — иҳәеит апоет Валентин Коӷониа.

Ари ажәабжь урысшәала шәаԥхьар ҟалоит абра

Римма Казакова лажәеинраалақәа амузыка ианырҵон акомпозиторцәа Александра Пахмутова, Игорь Крутои, Владимир Шаински, Анатоли Савченко, урҭ ашәақәа нарыгӡон Лев Лешьченко, Алла Пугачева.

Римма Казакова лыԥсҭазаара далҵит 2008 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0