Ҳаџьымба асы арыцқьара дырццакырц адҵа ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукҲаџьымба асы арыцқьара дырццакырц адҵа ҟаиҵеит
Ҳаџьымба асы арыцқьара дырццакырц адҵа ҟаиҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит иҟоу аҳауатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит иҟоу аҳауатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы. Аилацәажәараҟны иара иазгәеиҭеит атехника ҷыда иааиԥмырҟьаӡакәа амҩақәа арыцқьаларц шахәҭоу. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.

Атәыла Ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит атәыла ауааԥсыра рхатәы транспорт ала ишалшо рныҟәарақәа ааныркылаларц.

Аԥыза-министр Беслан Барцыц иажәақәа рыла уажәтәи аамҭазы ареспубликатә трасса Ешыратәи ахәҭа аркуп. Иара арыцқьаразы хԥаҟа сааҭ аҭахуп. Амҩа асы шықәырхлак аԥслымӡ аныԥсалара иалагоит.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа атәыла Ахада иеиҳәеит аҳҭнықалақь аҟны аҭагылазаашьа шҭышәынтәало.

Аилацәажәараҟны ирыӡбеит ашколхәыҷқәа хымш рҵараҟынтә рхы иақәиҭыртәырц.

Ажьырныҳәа 28 — 29 ауха излагаз аслеира иахьа шьыжьынӡа еиԥҟьомызт. Амҩақәа рҟны аныҟәарақәа уадаҩхеит. Амшцәгьа инадҳәаланы ашколқәа рҟны аҵаратә процесс аанкылоуп жәабран 2 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0