Аҟәатәи абоксиорцәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы ипризиорцәахеит

© Фото : Алик Карди ОглыАҟәатәи абаксиорцәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы ипризиорцәахеит
Аҟәатәи абаксиорцәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы ипризиорцәахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ахәыҷы-қәыԥштә спорттә школ аҵаҩцәа алахәын Краснодартәи атәылаҿацә аҟны ажьырныҳәа 23 - 29 рзы Туапсе ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аиндаҭларақәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аҟәатәи ахәыҷы-қәыԥштә спорттә школ аҵаҩцәа алахәын Краснодартәи атәылаҿацәа аҟны ажьырныҳәа 23 — 29 рзы Туапсе ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аиндаҭларақәа. Ааҩык рҟынтәи фҩык призиорхеит. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит абокс азы азыҟаҵаҩ Алик Карди-оӷлы.

"Аҟәатәи ахәыҷы-қәыԥштә спорттә школ аҵаҩцәа алахәын Краснодартәи атәылаҿацәа аҟны ажьырныҳәа 23 — 29 рзы Туапсе ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аиндаҭларақәа. Ҳаспортсменцәа ибзианы рхы аадырԥшит. Гәахәарыла рыхьӡқәа шәасҳәоит аиааира заҭәашьахаз ҳаспортсменцәа: Герман Арџьениа (актәи аҭыԥ), аҩбатәи аҭыԥ — Лаша Акаба, аџьаз ранашьахеит Михаил Аршба, Алиас Леиба, Александр Саакиан, Ашот Ексузиан", — иҳәеит Алик Карди-оӷлы.

Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, арҭ аиндаҭларақәа аԥсуа спортсменцәа ирырҭоит алшара егьырҭ еиуеиԥшым аиндаҭларақәагьы рыҽрыладырхәырц.

"Арҭ аиндаҭларақәа аԥсуа спортсменцәа ирырҭоит алшара абокс азы Аладатәи афедералтә округ аҟны имҩаԥысуа егьырҭ еиуеиԥшым аиндаҭларақәагьы рыҽрыладырхәырц. Уаҟа ишьахәны рхы аадырԥшыр – егьырҭ, иҵегь зыҳаракыра дуу аиндаҭларақәа ирылахәхар алшоит", — иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Ажьырныҳәа 23 — 29 рзы Туапсе имҩаԥысуан Краснодартәи атәылаҿацә иахьаҵанакуа аиндаҭларатә еиԥыларақәа. Ара иҟан Краснодар, Шәача, Адлер, Армавир, Геленджик, Новороссиск рспортсменцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0