Амаамынқәа аӡынтәи аҩнқәа рахь ииаргеит

© Sputnik / Михаил Фомичев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмаамынқәа аӡынтәи аҩнқәа рахь ииаргеит
Амаамынқәа аӡынтәи аҩнқәа рахь ииаргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 28 - 29 рзы излагаз асоура ажьырныҳәа 29 - 30 рзгьы иацнаҵеит. Аҟәа иахьагьы сыла иҭаҳәҳәоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik, Владимир Бегунов. Аҟәатәи апитомник аҟны иҟоу амаамынқәа ахьҭа иакыртә иҟам, урҭ аӡынтәи аҩнқәа рахь ииаргеит ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит АНА аексперементалтә паталогиеи атерапиеи Ринститут адиректор Зураб Амқәаб.

Зураб Амқәаб иажәақәа рыла акаҭақәа рыҩныҵҟа иҟоуп аӡынтәи аҩн хәыҷқәа. Ахьҭа аныҟоу урҭ уахь ииаргоит.

"Амаамынқәа зегьы еиԥшым. Иҟоуп ахьҭа зычҳауа амаамынқәагьы. Урҭ ахьиз рыԥсадгьыл аҿгьы ахьҭақәа ҟалалоит. Ирышьцылахьан", — иҳәеит иара.

Аӡынтәи аамҭақәа рзы амаамынқәа рыкрыфара еиҳа иацклаԥшуп.

Ажьырныҳәа 28 — 29 рзы излагаз асоура ажьырныҳәа 29 — 30 рзгьы иацнаҵеит. Аҟәа иахьагьы сыла иҭаҳәҳәоуп. Амҩақәа рҟны автотранспорт аныҟәара акәзар иԥкуп. Ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русурагьы аанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0