ГӘДОУҬА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ақалақь аҩныҵҟа акаҭран ԥхасҭамхарц азы амҩақәа агреидерқәа рнырымҵеит. Урҭ рцынхәрас амҩақәа ҭыԥ-ҭыԥла аԥслымӡ рнырыԥсалеит, иҳәеит араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Даур Ӡиӡариа.
"Еиҳа ишәарҭаны ишьоу аҭыԥқәа шьыжьы инаркны аԥслымӡ рныԥсалара ҳалагеит. Уажәы асы аӡыҭра иалагахьеит. Сгәы иаанагоит шәарҭарак ҟаларым ҳәа. Араион ауааԥсыра ӡылеи фымцалашаралеи еиқәшәоуп", — иҳәеит Ӡиӡариа.
Лыхны, Ҟәланырхәа, Хапшера ақыҭақәа руааԥсыра аҳәара ҟарҵеит атехникала ацхыраара рырҭарц. Урҭ аусурақәа уажәы ихыркәшоуп, иҳәеит Ӡиӡариа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит араион акоммуналтә маҵзурақәа зегьы рнапынҵақәа шьахәла инарыгӡоит ҳәа.