Аԥсны арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аурыс бызшәазы аиндаҭларахь инарыԥхьеит

© Sputnik / Evgeny BiyatovАԥсны арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аурыс бызшәазы аиндаҭларахь инарыԥхьеит
Аԥсны арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аурыс бызшәазы аиндаҭларахь инарыԥхьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Артек 2017" алахәразы аҭаҩрақәа рымҩаԥгара хацыркхеит.

АҞӘА, жәабран 1 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ироуеит алшара аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Артек 2017" алахәразы, ҳәа ҳкорреспондент илзааицҳаит Аԥсны иҟоу Россатрудничество Ахаҭарнакра абжьагаҩ Дмитри Кононов.

Аиндаҭлара рхы аладырхәыр рылшоит аурыс бызшәа арҵаҩцәа реиԥш урысшәала амаҭәарқәа рызҭо арҵаҩцәагьы, иара убасгьы 11-16 шықәса зхыҵуа аҵаҩцәа. Ашколхәыҷқәа аиндаҭлара иалахәхоит ареспубликатә команда аилазаарала.

"Тәыла-цԥхьаӡа рҟынтәи 11-ҩык злахәу агәыԥ аиндаҭларахь инеир ҟалоит. Ахәыҷқәа жәаҩыки рҵаҩыки (мамзаргьы ахәыҷқәа мҩаԥызго ахаҿы). Жәаҩык злоу акоманда Аԥсны еиуеиԥшым ашколқәа рҟынтәи реизгара ҟалоит", — иҳәеит Дмитри Кононов

Аиндаҭлара мҩаԥысраны иҟоуп Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы Центр "Артек" аҟны. Аиндаҭлара алахәразы жәабран 1 инаркны аҽҭаҩра аҭахуп апортал "Образование на русском" (https://pushkininstitute.ru) аҟны. Нас, електронтә формала урҭ ирзынашьҭхоит адҵа, адокументқәа, афаилқәа. Аихшьаалатә етап аҟны иалкаахоит иаиааиз: 20-ҩык арҵаҩцәеи 15 командеи (150-ҩык аҵаҩцәа). Урҭ рзы имҩаԥгахоит азыҟаҵарақәа. Арҵаҩцәа рзы имҩаԥгахоит рҟазара аизырҳаразы акурсқәа.

Дмитри Кононов иажәақәа рыла Аԥсны иҟоу Россатрудничество Ахаҭарнакра аиндаҭлара зхы алазырхәыр зҭаху зегьы рзы имҩаԥнагоит аконсультациатәи аметодикатәи цхыраара, иахәҭаны иҟалар атехникатә цхыраара ҟарҵоит.

Аурыс бызшәазы Жәларбжьаратәи аиндаҭлара еиҿкаауп Урыстәыла Аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистрреи, А. Пушкин ихьӡ зху аурыс бызшәа Аҳәынҭқарратә институти, Россатрудничествеи, Ацентр «Артеки» раԥшьгарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0