АҶА (МЧС) аусзуҩцәа русуратә мшқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукСаҭбеи Гиндиеи Ҭимур Кәыҵниеи
Саҭбеи Гиндиеи Ҭимур Кәыҵниеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аофицерцәа ҩыџьа ироуит Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра абылраҽацәыхьчаратә маҵзура аҳәынҭқарратә Академиа адипломқәа.

Роберт Џьопуа, Sputnik

Саҭбеи Гиндиеи Ҭимур Кәыҵниеи Аԥсны АҶА (МЧС) аҟны аус руеит раԥхьатәи амшқәа инадыркны. Саҭбеи уахь даннеиуаз дсержантын, Ҭимур – прапоршьчикын.

"Усҟан сара аррамаҵзура сахысуан. Смаҵзура анҵәара мызкаҟара шагыз исаҳаит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа аадыртуеит ҳәа. Акадырқәа рыҟәшаҟны снеины арзаҳал аансыжьит. Аамҭақәак рышьҭахь аҭел исзасит. Аԥхьа аус зуан Аҟәа, нас – Очамчыра. Уа сара амцарцәаратә маҵзура аҟәша сеиҳабын. Иахьа – аԥшаара-еиқәырхаратә ҟәша аотриад сеиҳабуп", — иҳәеит Саҭбеи.

Абасеиԥшшәоуп аусбарҭахь дшааиз Ҭимур Кәыҵниагьы.

"Аԥхьа аус зуан машьынарныҟәцаҩыс, нас – водолазын. Ашьҭахь сиаргеит аҳәынҭқарратә амцарцәаратә хылаԥшра аҟәшахьы. Аамҭақәак рышьҭахь – Аҟәа ақалақьи араиони рыхьчараз амцарцәара-еиқәырхаратә отриад аиҳабыс сыҟан", ҳәа игәалаиршәоит Кәыҵниа.

2010 шықәса рзы Аусбарҭа анапхгара аҷкәынцәа русушьа ахәшьара аҭаны Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра абылраҽацәыхьчаратә маҵзура аҳәынҭқарратә Академиахь аҵараз ирышьҭит.

"Ҳара латәарада аҵара ҳҵон. Асессиақәа рахь ҳцон. Аҵаратә процесс аинтерес аҵаны иҟан. Иахьазы Аԥснынтәи 40-ҩык рҟынӡа Академиа иҭоуп", — иҳәеит Саҭбеи.

Кәыҵниа иажәақәа рыла аусуратә ԥышәа шрымазгьы аҵараиурҭахьтә ироуз адыррақәа рацәоуп.

Аҷкәынцәа русуразы ҳазҵаарақәа рҭак ҟаҵо иргәаладыршәон:

"Амилаҭтә банк ахантәаҩы дызҭаз амашьына амашәыр ианақәшәа амашьына амца акит. Амцарцәаратә машьына акәзар аҭыԥ ахьизымнеит амҩа амашьынақәа рыла иахьаркыз иахҟьаны. Амцарцәагатә балонқәа рыла амца арцәара ҳалҳаршеит. Ауаа рҭыгаразы амашьына аԥҟара ҳалагеит, аха амашьына кәлӡыла ихҟьан, иаҳзаамыртит", ҳәа игәалаиршәон Ҭимур.

Саҭбеи иакәзаргьы изныкымкәа амҩатә машәырқәа дрылахәхахьеит. Урҭ ргәаларшәарагьы игәаҳәо дыҟам.

Аха иҟоуп аҷкәынцәа ччаԥшьла иргәаладыршәо ахҭысқәагьы.

"Ԥҳәыск амаҵзурахьы аҭел дасит аихатәышә сзаамыртит, ахәыҷы дыҩнахеит ҳәа. Ҳаннеи, ацаԥха иҳалҭаз ала ашә ааҳартызар, ахәыҷы ашә аԥхьаҵәҟьа дианы дыцәоуп", ҳәа игәалаиршәоит Саҭбеи.

Аҽазынгьы, аҭел изасит ГАИ ахьгылоу Тамшьтәи апост аҟны ахәыҷы аҵеџь дҭаҳаит ҳәа.

"Афырҳәа сҽааилаҳәаны амҩа сықәлеит. Амҩан еилаҳкааит ахәыҷ иакәымкәа аҽҵыс шакәыз аҵеџь иҭаҳаз (ребенок – жеребенок). Аҽҵыс акәзар сааҭк аиҳа аҵеџь аҭыгара ҳаҿын", — иҳәоит иара.

2016 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аофицерцәа Саҭбеи Гындиеи Ҭимур Кәыҵниеи Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра абылраҽацәыхьчаратә маҵзура аҳәынҭқарратә

Академиа адипломқәа анроу ашьҭахь изаамҭанытәиу ачынқәа роуит. Урҭ уажәшьҭа имаиорцәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0