Ченгьелиаԥҳа: жәабран 2 инаркны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аусура иалагоит

© Fotolia / Kzenonжәабран 2 инаркны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аусура иалагоит
жәабран 2 инаркны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аусура иалагоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликаҿ илеиз асы инадҳәаланы Аԥсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аамҭала аус руамызт.

АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Амшцәгьа иахҟьаны зусура аанкылаз ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи жәабран 2 инаркны аусура иалагоит, ҳәа ҳалҳәеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиаԥҳа.

"Аҵаратә процесс хацыркхоит, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны аусурақәа ирылагоит", — лҳәеит лара.

Абри азы аӡбра рыдыркылеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрраҟны.

Ченгьелиаԥҳа лажәақәа рыла аминистррахь аҭел иасыз ашколқәа рнапхгаҩцәа ирҳәеит урҭ аҵаратә процесс ацҵара ишазыхиоу.

"Аметеорологцәа амш аҽеиҭакра ҳәа информациа ҳарҭом. Аҵаратә процесс мҩаԥыслароуп", ҳәа азгәалҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Ажьырныҳәа 28 — 29 рзы излагаз асоура иахҟьаны Аԥсны ахы-аҵыхәа амҩақәа рҟны аныҟәара аруадаҩит. Ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русура аанкылан жәабран 2 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0