Ҳаџьымба: асовет аруаа рыԥсыбаҩқәа анышә иамадатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИԥшаау асовет аруаа рыԥсыбаҩқәа рҭыԥ рықәҵаразы Аԥсны Ахада иаԥиҵеит акомиссиа
Иԥшаау асовет аруаа рыԥсыбаҩқәа рҭыԥ рықәҵаразы Аԥсны Ахада иаԥиҵеит акомиссиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Санчаратәи акаҵәара ааигәара иԥшаау асовет аруаа рыԥсыбаҩқәа рҭыԥ рықәҵаразы Аԥсны Ахада иаԥиҵеит акомиссиа.

АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Санчаратәи акаҵәара ааигәара иԥшаау асовет аруаа рыԥсыбаҩқәа рҭыԥ рықәҵаразы Аԥсны Ахада иаԥиҵеит акомиссиа. Аԥсыбаҩқәа ишахәҭоу еиԥш анышә иамадатәуп иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

"Аҭыԥ ԥшааны аԥсыбаҩқәа ишрыхәҭоу еиԥш ҳаҭырла анышә иамадатәуп. Ҳадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ауаа ргәалашәара еиҵагыло абиԥарақәагьы ирхамшҭуа иазныҟәатәуп", — иҳәеит иара.

Аиҿкаара "Союз Граждан России" алахәыла Николаи Медвенски атәыла Ахада имҩаԥигаз аилацәажәараҟны иҳәеит аԥхын аԥсыбаҩқәа архаҟа рылбаагаразы аекспедициа шеиҿкаахо.

"Асы анықәҵлак, амҩақәа анаатлак аԥсыбаҩқәа ашьхантә илбаагахоит. Асудмедекспертцәа адыԥхьаланы аҭоубыҭқәа ирҭарҵоит. Ауаажәлар адыԥхьалан ҳаҭырла анышә рамадара мҩаԥгахоит", — иҳәеит Медвенски.

Аилатәара иалахәын аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа. Иаԥҵоу аусутә гәыԥ напхгара аиҭоит Ахада Иусбарҭа аиҳабы Даур Аршба.

2016 шықәса нанҳәамзазы Санчаратәи акаҵәара ааигәара иԥшаан 30-ҩык асовет аруаа рыԥсыбаҩқәа. Николаи Медвенски иажәақәа рыла урҭ рахьтә ҩыџьа аԥсыуаауп: Варлам Куци (1910 шықәса рзы ииз), Ахмет Ажьиба (1907 шықәса рзы ииз).

Ажәабжьқәа зегьы
0