"Старый Сухум" захьӡыз Анзор Агәмаа ишәҟәы ҭыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукАнзор Агәмаа ишәҟәы аӡыргара
Анзор Агәмаа ишәҟәы аӡыргара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XIX - XX ашәышықәсақәа раантәи ақалақь Аҟәа ахаҿра атәы аҳәоит еицырдыруа археолог, асахьаҭыхыҩ, аколлекционер Анзор Агәмаа ишәҟәы.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

XIX — XX ашәышықәсақәа раантәи ақалақь Аҟәа ахаҿра атәы аҳәоит еицырдыруа археолог, асахьаҭыхыҩ, аколлекционер Анзор Агәмаа ишәҟәы. Ашәҟәы аӡыргара мҩаԥысит жәабран 1 азы Аҟәа. Ашәҟәы ҳамҭа духеит аҳҭнықалақь ауааԥсыра рзы. Амонографиа аӡыргара акырынтә иахыргахьан еиуеиԥшым амзызқәа рыла. Абар, уажәы уи ауснагӡатә иаргәырӷьеит ақалақьуаа.

"Анзор Агәмаа имҩаԥигаз аусура шьардоуп. Аҟәа иазкны Аԥсны иҟаз архивтә материалқәа зегьы ҭиҵааит. Ашәҟәы аҭыжьра иазырхиан автор иԥсы анҭаз, аха усҟан уи алымшеит. Ҳара иахьа иара анӡырааго ибзианы еилаҳкаауеит ҳақалақь аҭоурых аҭҵааразы иара шьаҿа ҿыцны ишыҟоу. Араҟа инарҭбааны ирылацәажәоуп XIX- XX ашәышықәсақәа рзы Аҟәатәи аргыларақәа", — иҳәеит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа.

"Старый Сухум" аҟны иара убасгьы ирылацәажәоуп ҩ-нызқь шықәса реиҳа зхыҵуа ҳаҳҭнықалақь аргыларақәа еиуеиԥшым ретапқәа.

"Ашәҟәаҿы иара убасгьы иуԥылоит аҭоурых ҵакы змоу аҩнқәа рфотосахьақәа, адокументқәа, ирылыцәажәоуп апаркқәа, абаҳчақәа, ашҭақәа, ашколқәа, аҳәынҭқарратәи ахатәтәи ргылырықәа", ҳәа азгәеиҭеит аминистр лхаҭыԥуаҩ.

Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа ашәҟәы "Старый Сухум" аҭыҵра ҳамҭаны илыԥхьаӡоит.

"Зықалақь гәыкала бзиа избоз Анзор Агәмаа ажәытә Аҟәа иазкны аматериал рацәа иман. Ҩынҩажәа шықәса инареиҳаны еизигон", — лҳәеит лара.

Светлана Џьергьениаԥҳа ишылҳәаз ала Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәыҳалалратә Фонд Анзор Агәмаа ишәҟәқәа уаанӡагьы рҭыжьра иадгылахьан.

"Ҳара ԥхьаҟагьы гәахәарыла асеиԥш иҟоу апроектқәа адгылара раҳҭалоит. Сара хаҭала дыздыруан Анзор. Дромантикын. Иԥсадгьыли иқалақьи бзиа ибон. Заа дҳацәцеит", — лҳәеит лара.

"Старый Сухум" аӡыргара ацеремониа аофициалтә хәҭа хыркәшахеит ашәаҳәаҩ Саид Гобечиа иқәгыларала.

Амонографиа "Старый Сухум" ҭыжьуп Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрреи Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәыҳалалратә Фонди, аилахәыра "АКВАФОН"-и рыбзоурала.

Ажәабжьқәа зегьы
0