Ажәқәагьы аӡын ахьҭа иакуеит

© Sputnik / Alexey MalgavkoАжәқәагьы аӡын ахьҭа иакуеит
Ажәқәагьы аӡын ахьҭа иакуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡынразы аҩнатә ԥстәқәа хьҭакыр шрылшо атәы далацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа.

Амра Амҷԥҳа, Sputnik

Ауаа реиԥш аҩнатә ԥстәқәагьы ахьҭа иакуеит. Аԥснытәи аветеринарцәа аниахьеит ихьҭакны арахә аныԥсуа. Ажәқәа рзы 37,7-39 градус иақәнагоу шоуроуп ҳәа иԥхьаӡоуп. 37 градус ршоура анеиҵаха, ажә ацәа аныхьшәашәаха аҳақьым иԥхьатәуп.

"Арахә ахьҭаку аԥша еиҿамсуазароуп. Иԥхазароуп. Ҳара ара ҳхазы иҳаргыло аҩнқәаҵәҟьа рырԥхара хьааҳкӡом. Арахә рыҭрақәагьы иара убас, рацәак аӡынра иазҳархиом", — иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа.

Уи адагьы иара иажәақәа рыла ирацәаҩуп арахә зынӡагьы рҭакра иашьҭам.

"Аӡын, аҷыхьха арахә адәы ицәхалар, ичмазаҩымхарц залшом. Аветеринартә цхыраара рыумҭар иԥсыр алшоит. Урҭгьы ауаа реиԥш ачымазарақәа рылаҽыр ауеит. Рыхәышәтәрагьы: агәыр, антибиотик уҳәа аҭахуп", — иҳәеит аветеринар хада.

Раԥхьатәи цхыраараны иҟоу аԥстәы ишалшо ала арԥхароуп, амассаж азуны иԥхо џьара акы ақәыршәтәуп. Иҭаҳәҳәатәуп.

Роман Џьопуа иазгәеиҭеит аԥстәы еиҳа ахьҭа шазымычҳауа, иаҳҳәап алақәа раасҭа.

"Ԥстәык аҟынтәи аҽа ԥстәык ахь аинфекциатә чымазара ҿкуам. Аха арыԥҳачымазара аиҭаҵра адыруеит. Еибаҟьашьуеит. Арахә иахьыхьшәашәароу иҟазар, иҟьашьызар, ргыларҭа аӡы ыҵазар, ҳәарада, арыԥҳачымазара шьҭыркаауеит", — иҳәеит Роман Џьопуа.

Иара убри аан иазгәеиҭеит Аԥсны аԥстәқәа ари ачымазара шамахамзар ишрызцәырымҵуа.

"Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аԥстәқәа ари ачымазара макьаназ ирыдрымбалацт", — иҳәеит Роман Џьопуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0