Брехаловка "Апрезидент": Лиова Џьениа иҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Брехаловки - Джения
Президент Брехаловки - Джения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу акаҳуажәырҭа, зегьы еицырдыруа Брехаловка дамоуп ахатәы "президент". Уи иҭоурых еилылкаауан Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа.

Алхрақәа, аинугурациа- абарҭқәа зегьы дырхысит Брехаловка "Апрезидент" Леонид Џьениа, Лиова ҳәа зегьы ирдыруа. Иара Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра даветерануп, еиуеиԥшым ахырҳарҭақәа рыҟны аус иухьан, акыр шықәса аҳәынҭқарратә ансабль аҟны дкәашон. Иахьа дтәанчаҩуп, Брехаловка "Апрезидент" ҳәа ишьҭоуп. Лиова игәалаиршәоит, раԥхьаӡа акәны Брехаловка "Апрезидент" ҳәа ахьыӡ заныршьаз Сергеи Зарданиа иоуп ҳәа. Иара атрадициа хацыркын Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иаԥшьгарала. 

"Сергеи Зарданиа ҳәа дыҟан, иара иакәын "Президент Брехаловки" ҳәа изышьҭаз. Зегьы ирыдуреит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь бзиа ишибоз акаҳуажәырҭа аҭаара. Зарданиагьы Багаԥшьгьы ҩнык аҟны еицынхон. Иара Аԥсны ахадас даналырх, Сергеи Зарданиа иеиҳәеит, абри Брехаловка "упрезидентхоит" ҳәа. Апрезидент апрезидентра ииҭеит ҳәа ҳахлафаауан ҳарҭгьы", — абасала игәалашәарақәа ҳацеҩыишеит Лиова Џьениа.

Ари аҩыза ашьаҿа иаҵанакуаз зегьы еилаҳкаауан, иҳәоит Лиова, акаҳуажәырҭа иаҭаауа рхыԥхьаӡара рацәоуп, иҿырԥшыганы иҟаларц азы, ахылаԥшра аиуырц азы ауп ари зыҟаҵаз.

"Ара ԥарак уоуа ҳәа иҟаӡам. Иҟоу акы ауп: ацқьара ахылаԥшра, аҿар рабжьгара, аԥсшьацәа амаҭәа ршәымкәа амшын аԥшаҳәа рықәымлара. Насгьы ҳара ҳара ҳааилабжьоит. Амшын аԥшаҳәаҿы пату еиқәҵара ыҟан еснагь, уи аиқәырхара ауп хықәкыс иҳамоу", — ҳәа ацыиҵеит иара.

Сергеи Зарданиа шықәсқәак раԥхьа иԥсҭазаара далҵит, уи иашьҭахь Лиова Џьениа амаҵура идикылеит. Уи зыӡбыз ҳҩызцәа зегьы роуп, иҳәеит Лиова.

"Сергеи Зарданиеи сареи ҳаибадыроижьҭеи акыр ҵуан. Иара иабгьы саргьы аҳәынҭқарратә ансамбль аҿы ҳаицыкәашон, пату еиқәаҳҵон. Сергеи иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, ҳҩызцәа ус иазырыӡбеит "Президент Брехаловки" ҳәа ахьыӡ сара асыҭара, уимоу амедалгьы саныршьеит", — ҳәа дыхлафаауеит Лиова.

© Sputnik Анжелика БениаԥҳаЛиова Џьениа ианаршьаз амедал
Лиова Џьениа ианаршьаз амедал - Sputnik Аҧсны
Лиова Џьениа ианаршьаз амедал

Лиова Џьениа амшын аԥшаҳәа аҭаара иқәыԥшра шықәсқәа раахыс бзиа ибоит, акаҳуажәырҭаҿы имоуп ихатәы чашка. 

"Брехаловки сареи ҳаибадырит 1953 шықәса рзы Аҟәаҟа нхара ҳәа санааи. Уи аахыижьҭеи ара сыҟоуп. Саныкәашозгьы, агастрольқәа рыбжьара аамҭа ҭацәык ансоулак сыҩны арахь саауан. Усҟан ҳаиҳабацәа еиҭарҳәон еиуеиԥшым аҭоурыхқәа, ҳаргьы иахьа ажәытәи-аҿатәи зегьы ҳгәалашәоит", — ҳәа азгәеиҭеит уи.

Лиова Џьениа  иажәақәа рыла Брехаловка иамоу атрадициақәа зегьы аилагара аӡәгьы азин имаӡам. Ара акаҳуада иџьбароу арыжәтә аӡәгьы ижәыр руӡом аиҳабацәа, иҳәоит Лиова. Аҿар рылабжьара хықәкы хадас иҳамоуп. 

"Бзиа ибаны, гәыкала зықьалақь иазыҟоу ари аҭыԥ аҟны иакәым ҟарҵом. Агәамсам карыжьыргьы "уара иҟашәҵо закәи" ҳәа анаҳҳәалак, "ҳаҭамыз" хәаны ишьҭырхуеит. Ари аҵакырадгьыл рыцқьамзар, ҳара ҳхала аԥара еилаԥсаны идеилҳаргоит", — ҳәа иҳәоит Лиова Џьениа.

Брехаловка иаҭаауа зегьы еибадыроит, дара дара рылаԥш рхуп зегьы, аӡәы ҩымш-хымш данымаалак зегьы хьаас икны идҵаалоит. Лиова иажәақәа рыла, ақыҭарахь данцалакгьы ҭелла умааиӡои ҳәа иазҵаауеит. Еиҳау иҟои уҩызцәеи аҿарацәеи пату ануқәырҵо, ихәоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0