Ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак иатәу астудиа аусура иалагеит

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасрааус ауеит "Студия здоровья и активного отдыха".
аус ауеит Студия здоровья и активного отдыха. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак аҟны аус ауеит "Студия здоровья и активного отдыха".

Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак аҟаза хада Мадина Бганԥҳа Арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит аусура иалагаз "Студия здоровья и активного отдыха" аҿар рыбжьара аинтерес ду аманы ишыҟоу.

Амра Амҷԥҳа, Sputnik

"Студии здоровья и активного отдыха" аус ауеижьҭеи хәышықәса ҵуеит. Ирацәаҩуп иара аусура агәаҳәара знаҭо, аинтерес рыманы уахь инеиуа. Астудиаҟны иаартуп ахырхарҭақәа хԥа: фитнесс-аеробика, иҟоуп атренажертә зал, аспорттәи кавказтәи акәашарақәа. Аспорт мамзаргьы акәашаратә студиахь аныҟәара зҭаху астудиахь инеир рылшоит. Шықәсыла 14 инаркны 35 шықәса рҟынӡа уахь анеира рылшоит. Апроект аԥҵара аԥшьыргеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак аусзуҩцәа. Дара хықәкны ирыман аҿар хәыда-ԥсада афитнес-центри акәашаратә студиеи рахь инеирц.

"Ҳара иаҳҭахын аҿар адгылара раҳҭарц. Астудиа даара зыда ԥсыхәа ыҟам акакәны иҟоуп. Аԥхьа ҳалагеит акәашарақәа рышкол ала. Нас иҳаӡбеит апроект ҳарҭбаарц", — лҳәеит Бганԥҳа.

Мадины Бганԥҳа лажәақәа рыла астудиахь аныҟәара зҭаху даара ирацәаҩуп, иҟоу азал зегь азкуам.

Мадина Бганԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Агәыԥқәа дууп, аха ишалшо ала иҳадҵаало зегьы рыдкылара ҳҽазаҳшәоит", — лҳәоит лара.

Астудиаҿ фитнес-инструкторс дыҟоуп Андреи Мамешин, кавказтәи акәашарақәа длырҵоит Маиа Гьерзмааԥҳа, аспорттә кәашарақәа — Васили Феоктистов. Арҵаҩцәа аулафахәы рызнашәоит Аилак.

Абри астудиа адагьы Аилак инанагӡоит аҽа гәыҳалалратә проекткгьы.

"Зылшара маҷу, ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа есышықәса хәыда-ԥсада ҩымш-хымш ирыдамзаргьы ԥсшьара ҳәа иҳашьҭуеит, иаҳҳәап "Аквалоо" (Шәача иҟоу аквапарк– аред.) ахь. Уа дара рзы еиҿыркаауеит еиуеиԥшым апрограммақәа", ҳәа еиҭалҳәоит Мадина Бганԥҳа.

Аилак аусзуҩцәа имаҷымкәа агәҭакқәа рымоуп, аха урҭ рынагӡаразы аԥаразоужьра аҭахуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0