Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Инна Ҳашԥҳа: Рушьбеи Смыр иажәеинраалақәа абызшәа абеира аадырԥшуеит

© SputnikРадио студия Sputnik Абхазия
Радио студия Sputnik Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа анашьараз иқәыргыло алитературатә рҿиамҭақәа ԥшьба рахьынтә иалкаахоит жәабран 9 рзы уи аҳамҭа аиура иаԥсахо. Арадио Sputnik Аԥсны иацнаҵоит урҭ рыхцәажәара.

Ари аконкурс аҿы зҩымҭа алагылоу Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр, ахәыҷтәы литература аҟны аиԥш, адуцәа рлитератураҿгьы ихатә ҭыԥ имоуп. Избанзар арҿиараҿы ауаҩ ицааиуа абаҩхатәра, еснагь аԥыжәара агоит.

Инна Ҳашԥҳа дахцәажәеит Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр иажәеинраалақәа реизга "Аҵыс иаҵәа"

"Иажәеинраалақәа реизга "Аҵыс иаҵәа" ахәыҷқәа акыр ирзааигәоуп. Аритмикеи иара ихылҵуа ажәақәеи еицыхәмаруеит, убриаҟара ибызшәа ласуп, имариоуп", — лҳәеит апоетесса, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор Инна Ҳашԥҳа.

Жәлар рпоет хәыҷқәа ирызкны иаԥиҵахьоу иажәеинраалақәа ацқьара, алашара, ажәа арыхәмарра нас аласра ацуп. Убри зегьы аԥсуа бызшәа абеира аанарԥшуеит, ҳәа ацылҵеит Инна Ҳашԥҳа

"Хымԥада Рушьбеи Смыр ирҿиамҭа "Аҵыс еҵәа" аҳамҭа иаԥсоуп", — ҳәа азгәалҭеит апоетесса Инна Ҳашԥҳа.


Ажәабжьқәа зегьы
0