Аԥсны иаатуеит Фазиль ихьӡ иадҳәалоу атуристтә маршрут ҿыц

© Sputnik / Томас ТхайцукЖәларбжьаратәи акультура Афонд "Ауаҩы игыларҭа" аартра иазкын аԥшьаша, жәабран 9 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциа.
Жәларбжьаратәи акультура Афонд Ауаҩы игыларҭа аартра иазкын аԥшьаша, жәабран 9 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультура Афонд "Ауаҩы игыларҭа" аартра иазкын аԥшьаша, жәабран 9 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциа.

АҞӘА, жәабран 9– Sputnik, Владимир Бегунов. Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультура Афонд "Ауаҩы игыларҭа" аартра иазкын аԥшьаша, жәабран 9 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциа. Апресс-конференциаҟны Аԥсны атуристтә маршрут ҿыц, Искандер иҭыԥқәа ирыдҳәало, шаартхо атәы ҳәан. Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультура Афонд "Ауаҩы игыларҭа" адиректор Шьазина Агрԥҳа илҳәеит Фазиль ихьӡ Аԥсны аӡыргара ишацхраауа.

"Адунеи зегь аҟны Аԥсны ахьӡ адырра Фазиль ихьӡгьы ацхраауеит. Ҳара агәра аагоит Фазиль ирҿиараҿ дзыхцәажәоз, иԥсҭазаара зыдҳәалаз аҭыԥқәа туристтә маршрутны рыҟаҵара хра аманы иҟалоит ҳәа", — лҳәеит Агрԥҳа.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь. Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса". Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).

Ажәабжьқәа зегьы
0