ААК: акандидатцәа аӡәгьы мап ицәкымызт аҽҭаҩразы

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь депутатцәас зхы ықәзыргылоз акандидатцәа рҭаҩра хыркәшахеит.

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik, Владимир Бегунов. Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала жәабран 10 рзынӡа иҭаҩын 162 аԥшьгаратә гәыԥ, урҭ рҟынтәи 26-ҩык акандидатцәа ықәгылон аполитикатә партиақәа ԥшьба рҟынтәи.

Жәабран 20 рҟынӡа акандидатцәа зегьы Ацентртә алхратә комиссиахь инаргароуп иахәҭаны иҟоу адокументқәа. Акомиссиа акәзар абарҭ адокументқәа ҭнаҵаауеит хәажәкыра 2 рҟынӡа.

"Макьаназы дарбанызаалак кандидатк аҽҭаҩраз мап ицәкым. Ҳара иҳаман згәаҭарақәак анапынҵақәа рганахь ала, аха макьаназы азакәан аҳәаақәа рҭыҵра ҳәа хҭыск азгәаҭаны иҟам", — иҳәеит Гәагьиа.

10% рҟынӡа анапаҵаҩреи адыррақәеи реиқәымшәара ыҟазар, акандидат икандидатура аанкылахоит иҳәеит иара.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 12 2017 шықәса рзы. Алхрақәа мҩаԥгахоит Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу 35 округ рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0