Аԥсны адепутатцәа Рсовет аԥхьатәи аизара

© Sputnik / Александр Демьянчук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны адепутатцәа Рсовет раԥхьатәи аизара мҩаԥысит жәабран 12 1922 шықәса рзы
Аԥсны адепутатцәа Рсовет раԥхьатәи аизара мҩаԥысит жәабран 12 1922 шықәса рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аусуҩцәеи, асолдаҭцәеи, анхацәеи рдепутатцәа Рсовет раԥхьатәи аизара мҩаԥысит жәабран 12 1922 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҟны.

Абри атәы далацәажәоит Sputnik акорреспондент Бадри Есиава дзыҿцәажәоз аҭоурыхдырыҩ Сослан Салаҟаиа.

1921 шықәса рзы Аԥсны Асовет мчра шьақәгылаанӡа иреиҳау напхгаратә мчраны иҟан Аԥсны аусуҩцәеи, асолдаҭцәеи, анхацәеи рдепутатцәа Рсовет.

Усҟантәи аамҭазы Асоветқәа реизара иреиҳау напхгаратә органны иԥхьаӡан. Аизарақәа рыбжьара – Ацентртә анагӡаратә комитет (ААК – ЦИК). Аԥсны ААК (ЦИК) раԥхьатәи анапхгаҩыс дыҟан Ефрем Ешба. Иара уаанӡа Аԥсны Ареволиуциатә комитет дахагылан, Жәлар ркомиссариатқәа Рсовет напхгара аиҭон Нестор Лакоба.

"Аԥсны Асоветқәа раԥхьатәи реизара мҩаԥысит жәабран 12 1922 рзы. Иара аҟны аратификациа азун Аԥсныи Қырҭтәылеи рыбжьара аидгылатә еиқәшаҳаҭра. Аԥсны иаиуит астатус – аиқәшаҳаҭратә Советтә Социалисттә республика ҳәа", — еиҭеиҳәоит Салаҟаиа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит абри аизараҟны адгьыл ахатәтәра аҳәаақәа ирҭыганы имилаҭтәны анхацәа ахархәаразы ишрыҭаз.

Салаҟаиа игәаанагарала адгьылтә реформа анхацәа рпроблемақәа зыӡбоз раԥхьатәи зҵаараны ишыҟаз. Аизараҟны ирыдыркылаз аӡбрақәа ракәзар Аԥсны Асовет мчы ашьақәгылара иацхраауан.

Асовет Социалисттә республикақәа реидгыла шьаҭаркын 1922 шықәса рзы Октиабртәи ареволиуциа дуӡӡа хәы-шықәса анахыҵ ашьҭахь.

Аидгыла иалан 15 республика. СССР аҟазаара аанкылахеит 1991 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0