Ҳаргьы дҳаур алшоит ҳхатәы "Гарри Поттер"

© Sputnik Владимир БегуновАԥсны Амилаҭтә библиотекаҿы иӡырган ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа рконкурс
Аԥсны Амилаҭтә библиотекаҿы иӡырган ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа рконкурс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә библиотекаҿы иӡырган ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа рконкурс. Уа иалкаахо акласснҭыҵтәи аԥхьаразы ирыдгалахар алшоит.

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik, Владимир Бегунов. Аконкурс азырхоуп апроект ипрофессионалым алитераторцәа радыԥхьалара. Ажаныр акала иԥкым, иҟалоит Аԥсны ҳара ҳ-Гарри Поттергьы дҟалар, ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит ООН ахәыҷтәы фонд аҵаразы аҟаза Русҭам Аншба. Аконкурс "Алашарбага" еицымҩаԥыргоит ООН ахәыҷтәы фонд (ИуНИСЕФ), Аԥсны аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистрра, ажурнал "Алашара".

"Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа имҩаԥаагахьан Баскаа ртәыла, Уельс, Австралиа рҟынтәи аекспертцәа злахәыз абызшәа маҷқәа рыҿиара иазкыз астол гьежь. Иара убасгьы имҩаԥган аԥсуа експертцәа Сингапури Малаизиеи рыҟазаара. Уаҟа дара иҭырҵаауан амилаҭ бызшәақәа рыҿиареи рҵареи амодельқәа", ҳәа еиҭеиҳәоит Русҭам Аншба.

Апресс-конференциа алахәылацәа ражәақәа рыла аконкурс мҩаԥысуеит жәабран 13 инаркны хәажәкыра 15 рҟынӡа. Авторцәа рырҿиамҭақәа наргар рылшоит ажурнал "Алашара" аредакциахь, аҵара араионтә ҟәшақәа рахь мамазаргьы аелектронтә ԥошьҭала инарышьҭыр.

Ажурнал "Алашара" аусзуҩы Дмитри Габелиа иҳәеит аҩымҭа ажаныр шыԥкым, аԥкыра змоу иара ахышәа-ҵышәа заҵәык шакәу. Уи 15 бӷьыц еиҳамзароуп. Иҟалоит аԥсышәала, урысшәала мамзаргьы аҽа бызшәак рыла иҩызар, иажәеинраалазар мамзар иажәабжьзар. Ажиури ахәшьара зырҭо арҿиамҭа аԥсшәахь еиҭаргоит, ашәҟәы иаларҵоит.

"Аконкурс азы аинформациа ателехәаԥшрала аиура алшоит, аинтернет аҟны иаразы иаԥҵахоит адаҟьа ҷыда. Уи адагьы Аҵара аминистрра асаит аҟны иарбахоит", — лҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиаԥҳа.

Иалкаахо арҿиамҭақәа реизгашәҟәы хәыда-ԥсада абиблиотекақәеи ашколқәеи ирыҭахоит акласснҭыҵтәи аԥхьаразы. Атираж заҟа ҟало макьаназы ишьақәырӷәӷәам, аха ишазыԥхьагәаҭо ала 5 000 цыра иреиҵамхароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0