"Амшынеиқәафымцамч" аусуҩцәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЖәбран 14-15 рзы излагаз асоура иахҟьаны имаҷымкәа афымцатә цәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит
Жәбран 14-15 рзы излагаз асоура иахҟьаны имаҷымкәа афымцатә цәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәбран 14-15 рзы излагаз асоура иахҟьаны ареспублика иахьаҵанакуа имаҷымкәа афымцатә цәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит. "Амшынеиқәафымцамч" аусуҩцәа уахи-ҽни аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирҿуп.

Амра Амҷԥҳа, Sputnik.

Жәабран 14 ауха излагаз асоура иахырҟьаны "Амшынеиқәафымцамч" аусуҩцәа зегьы ргәы рҽанҵан. Ареспубликаҿ афымцатә ҳа аҭагылазаашьа ауашәшәырыра иахҟьар алшон ауааԥсыра фымцалашарада реилахара.

Жәабран 15, ашьыжь афымцастанциа "Бзыԥ" иҟалаз авариа иахҟьаны Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рыхәҭак фымцалашарала реиқәыршәара еиԥҟьан. "Афымцастанциа "Бзыԥ" 220кВ, иҟалаз авариа иахҟьаны Аҟәа фымцалашарала аиқәыршәара еиԥҟьоуп. Афымцатә ҳақәа ԥыҵәҵәеит", ҳәа арбан "Амшынеиқәафымцамч" аофициалтә саит адырраҭараҟны.

"Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиит. Асааҭ 12:48 рзы дара амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ԥшааны русурақәа хацдыркхьан. Иара убасгьы жәабран 15 рзы астанциаҵашақәа "Гудаута-2" "Дурипш" рҟны авариақәа аҭыԥ рыман.

Гагра араион аҟны амаҵзура аусуҩцәа иҟаз аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирыхьмырԥшыкәа аусурақәа мҩаԥыргон астанциаҵашақәа "Пицунда", "Алаҳаӡы", "Насоснаиа", "Гьачрыԥшь-2" рҟны.

Афон Ҿыц аҟны аусура еиԥҟьан астанциаҵаша "Афон" афидерқәа ҩба, Гәылрыԥшь араион аҟны – астанциаҵашақәа "Сухум 220", "Агуӡера" рҟны аусурақәа аамҭала еиԥҟьан. Очамчыра араион аҿы акәзаргьы ана-ара аҭыԥ змаз амашәырқәа иаарласны рҭыԥ иқәҵан, ауааԥсыра фымцала еиқәыршәан.

Уаанӡа анаплакы анапхгара адырра ҟарҵахьан аҭагылазаашьа ҷыдақәа рырманшәалара ишазыхиоу азы.

Иара уажәгьы "Амшынеиқәафымцамч" аусутә бригадақәа иаҭахны ианыҟоу иахьахәҭоу иаарласны инеины аусурақәа мҩаԥыргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0