Даур Ақаҩбеи Григори Карасини аусеицура арҭбаара иалацәажәеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррра
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистри реиԥылараан ирылацәажәеит атәылақәа рыҩба реизыҟазаашьақәа рырҭбаара азҵаарақәа.

АҞӘА, жәабран 16 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасини Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Москва имҩаԥысыз реиԥылараан ирылацәажәеит атәылақәа рыҩба реизыҟазаашьақәа рырҭбаара азҵаарақәа. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Аганқәа рылацәажәеит ԥхьаҟатәи русеицуреи реинырреи, еиуеиԥшым аусурақәа рҟны хырхарҭақәаны ишьақәдыргыло ртәы", ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Адиалог иаанарԥшит аганқәа рыҩбагьы излацәажәоз апроблемақәа рганахь ала ргәаанагарақәа реиԥшызаара, ганрацәала русеицуразы агәазыҳәара амазаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0