Галустиан АИХ азы азакәан аԥсахрақәа рзы: шәымш рыҩныҵҟа ашәҟәы рыҽҭаргалароуп

© Fotolia / XyАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент адепутат Левон Галустиан иазиԥхьаӡоит Аԥсны аус зуа АИХ (СМИ) зегьы еиҟароу азиншьаҭала аус рыулароуп ҳәа.

АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik, Роберт Џьопуа. "Амассатә информациа ахархәагақәа рзы" Азакәан иалагалоу аԥсахрақәа инарықәыршәаны Аԥсны аус зуа АИХ (СМИ) зегьы еиҟароу азиншьаҭала аус рыулароуп, шәымш рыҩныҵҟа Аиустициа аминистрраҟны ашәҟәы рыҽҭаргалароуп, ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит Апарламент адепутат Левон Галустиан.

"Азакәан ахәҭаҷқәа руак аҟны иарбоуп Аԥснытәи АИХ-қәа зегьы шәымш рыҩныҵҟа Аиустициа аминистрраҟны ашәҟәы рыҽҭаргалароуп ҳәа. Арҭ аԥҟаррақәа ирыҵаркуеит аҳатә ҭыжьырҭақәагьы. Ари уадаҩра аҵаны избом. Иахәҭаны иҟоу акәама-ҵамақәа рҭыԥ рықәҵаразы иарбоу аҿҳәара азхаратәы иҟоуп", — иҳәеит Галустиан.

Адепутат ишазгәеиҭаз ала аԥсахра ареспубликаҿ аус зуа амассатә информациа ахархәагақәа зегьы еиҟароу азиншьаҭа рыҭароуп иззырхоу. Аиҳаракгьы арахь иаҵанакуа аелектронтә АИХ (СМИ) роуп.

"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ирацәахо иалагеит аелектронтә хархәагақәа. Урҭ русура ҳтәылауаа азҵаарақәа анрызцәырнаго ыҟоуп", — иҳәеит адепутат.

Левон Галустиан иазгәеиҭеит здаҟьақәа рҿы аиашашьаҭа змамыз аинформациа ахьцәырҵуаз, мышкы-ҩымш аус зуаз асаитқәагьы аҭыԥ шрымаз. Урҭ рҟны зны-зынла ҳтәылауаагьы рцәа ԥызҽуаз аинформациа цәырҵуан.

"Амассатә информациа ахархәагақәа рзы" Азакәан аԥсахрақәа алагалан жәабран 10 рзы. Раԥхьаӡа акәны Азакәан рыдкылан 2004 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0