Ҳаџьымба аоперативтә штаб аилатәара мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас ТхайцукҲаџьымба аоперативтә штаб аилатәара мҩаԥигеит
Ҳаџьымба аоперативтә штаб аилатәара мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада иазгәеиҭеит иарбанызаалак аусҳәарҭа амшцәгьа иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа ирзыхиазароуп ҳәа.

АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аоперативтә штаб аилатәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" оперативла, ҳәоуеиқәшәала аусура.

"Асеиԥш асы шамахамзар ҳара ҳҿы иауам, аха ԥхьаҟазы уи аҩызагьы ҳазыхиазароуп. Ирхиатәуп асрыцқьагатә техникагьы. Иара убасгьы аекологиатә аспектқәа азгәаҭаны ауадаҩра зцу амҩахәҭақәа рзы ареагентқәа рхианы иҳамазароуп", — иҳәеит иара.

Рауль Ҳаџьымба иҳәеит ареспубликатә трасса арыцқьаразы уахи-ҽни инеиԥшьны аусурақәа шцо. Иара Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анапы ианиҵеит амшцәгьаан зныҟәара ԥктәу автотранспорт ахылаԥшра азҵаара аус адыруларц.

Аԥыза-министр Беслан Барцыц иҳәеит аҭагылазаашьа шҭышәынтәалаз.

"Ус шакәугьы аҷаԥшьара аԥыхым, иахәҭаны иҟоу амаҵзурақәа рҽазыҟаҵаны иҟоуп иҷыдоу ҭагылазаашьак ҟалар аԥыхразы", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада ҭабуп ҳәа реиҳәеит аоперативтә штаб алахәылацәа русуразы.

Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба идҵала иаԥҵоуп Аԥыза-министр Беслан Барцыц зхадараҿы дыҟоу аоперативтә штаб, иҟалар зылшо аҭагылазаашьа ҷыдақәа ишалшо ала аҭыԥ рықәҵаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0