Ҭыжәба арратә маҵзуразы: ар рыҳаҭыр ҳарактәуп

© Sputnik Виктор Толочко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАррамаҵзура ахысра
Аррамаҵзура ахысра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аррамаҵзура ахысраан аҿар рҟазшьа аҽеиҭанакуеит, еиҳа иҭышәынтәалоит, ҳәа азгәеиҭоит Аԥсны арратә комиссар Нугзар Ҭыжәба.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аррамаҵзура ахысра ҳаҭыр ду аманы ишыҟоу азы апропаганда маҷны иҟарҵоит аҿарацәа рыбжьара, ҳәа азгәеиҭеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны арратә комиссар Нугзар Ҭыжәба.

"Иҟоуп ашкол ашьҭахь аҵара иҭало, иҟоуп арра ицо, аха ирацәаҩуп изларылшо ала аррамаҵзура зхы ацәхьазкуагьы. Ҳара изныкымкәа аҳәара ҟаҳҵахьеит Апарламент аҿы аррамаҵзура иахымсыц аҳәынҭқарратә наплакқәа рҟны аусура азин рмоурц азы. Асовет аамҭақәа рзы арра имцоз дмаҷын", — иҳәеит Ҭыжәба.

Ҭыжәба иажәақәа рыла аррамаҵзура ахысра аҿар рыбжьара ҳаҭыр аманы иҟаҵатәуп ҳәа.

"Аррамаҵзура ауаҩы маха-шьахала дарӷәӷәоит, доуҳалагьы деиҭанакуеит", — иҳәеит Ҭыжәба.

Аԥсны арратә комиссар Нугзар Ҭыжәба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра 

Иара убасгьы иҳәеит, аҩны иҟоу арԥыс асааҭ 12 рҟынӡагьы даныцәоу ҟалалоит. Дааԥшыргьы иан имаҵ луеит. Иара иакәзар акомпиутер дадтәалоуп ма ақалақь далоуп. Ар рҟны шьыжьшаанӡа идыргылоит, аҭаалым ҟарҵоит. Ара уара ухы амаҵ уара иууроуп, ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0