АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ареспубликаҟны есышықәса еизҳауеит ауҭраҭыхааӡара аусхк ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба аӡыргараҟны дықәгыло.
Иара иажәақәа рыла аҟазауаа атәыла араионқәа зегьы ирҭааны рылала ирбеит ауҭраҭыхаарыхырҭақәа, ашәырбаҳчақәа, аԥсыӡаарыхырҭақәа.
"Мышқәак раԥхьа, асоурақәа рышьҭахь араионқәа ҳрылан. Хаҭала сара Гәылрыԥшь араион аҟны арԥхарратә нхамҩа саҭаан избеит. Даарагьы сгәы иахәеит уи анаплакы ҳаамҭа иақәшәо мыругала иахьеибыҭаз. Анаплакы зхатәу азыԥшуп аҽаҩра бзиа. Абасеиԥш иманшәалоу аҭагылазаашьақәа ыҟоуп аԥсыӡаарыхра аусхк аҟынгьы. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны ареспублика ахы-аҵыхәа, аиҳарактәи Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы нап алакуп аԥсыӡаарыхра. Аусура хацзыркыша анаплакқәагьы ыҟоуп. Зегьы еицыжәдыруеит Чернаиа речка иҟоу аԥсыӡаарыхырҭа, убри инаваҟәало иҟоуп егьырҭ анаплакқәагьы. Аинвестициақәа здуԥхьалаша апроектқәа маҷым", — иҳәеит Даур Ҭарба.
Аусхктә стратегиақәа рӡыргара мҩаԥган 2025 шықәсанӡатәи Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономикатә ҿиара Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.