Sputnik Аԥсны арадио астудиаҿы Гәында Берзениаԥҳаи аконцерт амҩаԥгаҩ Леван Ҭодуеи еиҭарҳәеит еиҿыркааз ақәгылара атәы.
Денис Клиавер Аԥсныҟа иаара абзоурахеит Леван Ҭодуеи иареи хаҭалатәи реибадырра. Урыстәыла еиуеиԥшым аконцертқәа рҿы аус еицырухьеит, еибадыруеижьтеи хәы-шықәса иреиҳауп.
"Денис Аԥсны дмааӡац. Февраль 22 рзы ауп раԥхьаӡа ианибо Аԥсны, аԥсуа жәлар. Акырынтә дсазҵаахьан ҳтәыла аӡбахә. Аԥсуа ресторанқәа рахь ҳцахьан, аԥсуа чыс пату ақәыиҵоит. Зны-зынла сахыхәмарны иасҳәоит – Денис, убжа ԥсыуазар ҟалап ҳәа. Уи еиԥш аҩаӡара змоу артист иаагара цәгьоуп, аха аидеиа бзианы идикылеит, гәык-ԥсык ала дазнеит, сцоит иҳәеит, ишсылшо, ишахәҭоу ашәа рзысҳәоит, иҳәеит, Аԥсны сыргәалашәаларц", — еиҭеиҳәеит Леван Ҭодуа.
Аконцерт ақәыргыламҭа авторс дамоуп аиҳәшьцәа Берзениаԥҳацәа рпродиуссер Мзиа Берзениаԥҳа.
Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, Аԥснытәи Урыстәылатәи артистцәеи реицықәгылара, хымԥада, аинтерес ду аҵазаауеит.