Мушьни Миқаиа: сара сырҿиара амҩаҿы зны схалон, зны сылбаауан

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ахьӡ-аԥша" аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Миқаиа
Ахьӡ-аԥша аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, апоет, СССР-и Аԥсныи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла, "Ахьӡ-аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Миқаиа жәабран 22 аҽны иихыҵит 85 шықәса.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

"Иҟам-ианым, шкәакәа мацарала аԥсҭазаара еибаркуп ҳәа, шьоукы-шьоукы реиԥш амцныха сзымфеит. Сызлаҽырбо сымаӡамкәа сзымҽырбеит. Аԥсҭазаараҿ гәырҩеи-гәырӷьеи сара ишызбоз, ишеилыскаауаз, ишысныруаз исҳәеит, изҩит. Ашәҟәыҩҩы ирҿиараҿы ччабжьымзар, лаӷырӡык зҿымшәаз, иԥсҭазаараҿ акәтаӷь ԥымҽӡакәа извагьыжьны ишбылгьоз мацара, зажәреи зҿареи еиқәызҳәалаз апоет, иҩымҭақәа агәра згаӡом", — абасала ирҿиаратә мҩа ахцәажәара далагеит ашәҟәыҩҩы Мушьни Миқаиа.

Мушьни Миқаиа – ашәҟәыҩҩы, апоет, СССР-и Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи алахәыла. Аус иуан редакторс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәыҟәҭыжьырҭаҿы, ажурнал "Алашара" апоезиа аҟәша редакторс. Раҧхьатəи иажəеинраалақəа рдоуҳа мҩахəасҭа, раҧхьатəи иажəа, иҵыхəтəы мыш иацҧсуа, ихҭыс мышқəа зегьы цəашьы иаҵəаны ирыцу, ашацəа ртəарҭа Тур ихəы аҟынтəи иаауеит, иҳәоит ашәҟәыҩҩы.

"Абри ашаеҵəа еиҧш х-қыҭак ирыбжьаршəу ахəы ҧшӡаҿы инхоз аҧаимбарцəа рлакə дунеи салҵит сара. Абарҭ нҵəара зықəӡамыз Тур ихəытəи ашлақəа ражəабжьқəеи, рлакəқəеи, ражəаҧҟақəеи, рцуфарақəеи, рыҭəҳəақəеи рҵыс бызшəеи, рыци-рышəи ирыцрааӡаны ирҳəоз, аӡхьамҧш зыршуаз раҧсшəеи, рқьабзи, рыламыси рхьы мҩахəасҭа санысит саргьы. Убырҭ аҧаимбарцəа рдоуҳаи рҳақи роуп иахьатəи споезиеи сыпрозеи ҧсыс ирхоу, гəыс ирызҭоу, шьас ирылоу, уасхырс ирыҵоу", —  иҳәеит Миқаиа.

Мушьни Миқаиа иажәақәа рыла, ихәыҷра иациз абри ахәы, даазқәылаз даҽа блала дахәаԥшуа далагеит. Ашəҟəыҩҩцəеи афольклористцəеи, аетнографцəеи, аҵарауааи ишеицгəарҭахьоу еиҧш, Тур ихəы макьана зымаӡа

еилкаам ажəҩан иацыршəаз лакə дунеиуп.

"Тур ихəы азы ишазгəасҭхьоу еиҧш, еиҭасҳəарц сҭахуп ахəы ҧшӡа иамоуп даҽа ҷыдарақəак. Наҟ уныхшəар, Ҭоумышь аҳабла уналагылоит. Ҧанаҩ ахəы еиқəаҵəақəа рганахь унхыҵыр, Џьгьарда ақыҭа ахы еиқəуҳəалоит. Мрагылара аганахь, ахəы аҵыхəа қəнакаауеит Кəтол ақыҭа. Оумашəа иубаша, Тур ихəи абарҭ зыӡбахə сҳəаз ақыҭақəеи еихшəа-еиӡшəа километрк-километрк рыбжьоуп. Ахəы уаҳа иазааигəаны аӡəгьы дынхаӡомызт. Нырцəи-аарцəи аӡəык-ҩыџьак нымхозар, гəыла ааигəа дҳамамызт. Ахəы иқəынхоз бжь-ҭӡы заҵəык ракəын. Дара урҭгьы хыжəлантəыкны ишан: Касланӡиааи, Мқаииааи, Басариааи. Абарҭ дара-дара ракəӡан лассы-лассы еиҭаниааилозгьы", — азгәеиҭеит иара.

Ажәеинраалақәа рыбзиабара изыркыз аԥсуа бызшәа изырҵоз ирҵаҩы Џьота Тапаӷәуа иоуп. Иара еиҿикааз алитературатә кружок ауп, Кәтол ақыҭа иалҵыз апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи зегьы еиҵазааӡаз. Раԥхьатәи иажәеинраала иманы 1948 шықәсазы Алықьса Џьонуа иахь дымҩахыҵит.

Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Аԥхьаҩ дызмоу ашәҟәыҩҩы

"Абри ахҭыс, аҧхыӡ цəгьеиҧш иахьагьы сгəалашəарақəа ишрыцыц ирыцуп. Ацəгьеи абзиеи цəи-мҵи реиҧш еицрыхон. Сара сырҿиара амҩаҿы зны схалон, зны сылбаауан. Санын апоезиа арҟырамҩа. Исҭахын схатəы мҩахəасҭа ылысхырц. Исҭахын исдыҧшыламкəа схатə хəыцра, схатə гьама, схатə ҟазшьа, схатə бжьы сымазарц. Исҭахымызт, гəы зҵам, хы зҵам арифма еизга ҵҩызаақəа рыла аҽырҧшӡара. Есымша сгəы исыҵанаҳəоз сазыӡырҩуан, сгəы исыҵанаҳəоз хасҵон, агəра згон", — ҳәа игәалаиршәоит ашәҟәыҩҩы.

Сырҿиара амҩаҿы сажəеинраалақəа зегьы, иҳәоит Миқаиа, лахьынҵала еиҧшымхеит. Раҧхьатəи сажəеинраалақəа формалагьы, ҵакылагьы жəартəашьалагьы агəыр аҵа икылуршəон, иҧшқарахын, иласын.

Мушьни Миқаиа иажәеинраалақәа ажәлар рҟәыҕара рныҧшуеит. Иҩымҭақәа ихадоу леитмотивс ирымоуп – ауаатәыҩса рлахьынҵазы ахьаа, ажәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа. 

"Иахьа сара сырҿиара амҩеи сбызшəеи санрызхəыцуа, еиҭагьы агəра згоит, зегь раҧхьа дыргыланы иахьатəи сбызшəа еиқəзырхаз изырбеиаз сан лбызшəа шакəу. Сан лбызшəоуп иахьа сара ҿаҕəҕəала сзырцəажəо, бҕасгьы исымоу, шьамхысгьы исыҵоу, споезиагьы сыпрозагьы анарха рызҭо, сышьҭамҭа змырӡуа, насыҧсгьы доуҳасгьы исыцу", — ҳәа ацыиҵеит уи.

1978 шықəса инаркны 2002 шықəсанӡа споезиа иаадубалартə аҽамҧсахӡеит. 2002 шықəса инаркны иахьа уажəраанӡа изҩыз сажəеинраалақəа раҧхьатəиқəагьы абжьаратəиқəагьы иреиҧшӡам, агəкаҳара амотив шыҟаз иаанхеит умҳəозар.

"Апоезиаҿ акəыз, апрозаҿ акəыз, сыла иамбаз, сҿы иамбаз, схы сызмырхьыз, сгəы сызмырхьыз, ҳəоу еиламгашақə, ҿырҧшӡагас егьсымҩит егьызыҩуам. Амала иҟалап, ҳəарада "сҵəуацəозар", аха ҽырҵəуа ҟасымҵеит. Иахьсыхьуаз снацəа ақəыскит. Иҟалап знык исҳəаз суаз, сыгəҭыха еиҭасҳəазар, аха убригьы санажьтəызар ҟалап, избанзар, ауардын иахьақəыҕəҕəо ауп иахьҿыжуа", — ҳәа иҳәеит иара.

Мушьни Миқаиа иажәақәа рыла, иҩымҭақәа рыҟны ажәабжьқәа ҵакыла еиԥшызаргьы, дасу изҳәази ишиҳәази иахьиҳәази абызшәа аҷыдареи азгәаҭаны иҩҩуп. Сара уахынлатәи поетуп, аха ашьыжьтәи амра ашәахәа агәылсуеит, иҳәеит иара.

Мушьни Миқаиа диит жәабран 22 1932 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол  ақыҭан. Ироманқәа "Ахҟа" ҩ-томкны, иажәеинраалақәа реизга "Амзаҭәымҭа", "Тур ихәаа ражәабжьқәа", — лагала дууп аԥсуа литературазы.

Аиубилиар имш аҽны аԥсуа литература аизырҳараҿы, ҳмилаҭ аӡыргаразы илшамҭа дуқәа рзы Мушьни Миқаиа ианашьоуп "Ахьӡ –аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0