Мушьни Миқаиа иажәақәа рыла, иҩымҭақәа рыҟны ажәабжьқәа ҵакыла еиԥшызаргьы, дасу изҳәази, ишиҳәази, иахьиҳәази, абызшәа аҷыдареи азгәаҭаны иҩуп. Сара уахынлатәи поетуп, аха ашьыжьтәи амра ашәахәа агәылсуеит иҳәеит иара. 1978 шықəса инаркны 2002 шықəсанӡа споезиа иаадубалартə аҽамҧсахӡеит. 2002 шықəса инаркны иахьа уажəраанӡа изҩыз сажəеинраалақəа, раҧхьатəиқəагьы абжьаратəиқəагьы иреиҧшӡам, агəкаҳара амотив шыҟаз иаанхеит умҳəозар.
Мушьни Миқаиа диит жәабран 22 1932 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.
Ироманқәа "Ахҟа" ҩ-томкны, иажәеинраалақәа реизга "Амзаҭәымҭа", "Тур ихәаа ражәабжьқәа", лагала дууп аԥсуа литературазы.
Аиубилиар имш иира аҽны аԥсуа литература аизырҳараҿы, ҳмилаҭ аӡыргаразы илшамҭа дуқәа рзы Мушьни Миқаиа ианашьоуп "Ахьӡ –аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара.