АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иааиуа ахәышықәса афилологиатә наукақәа ркандидат Арда Ашәба Агуманитартә ҭҵаарақәа
Аԥснытәи ринститут адиректорс ҳәа далхуп. Абри атәы ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит аԥхьаӡаратә комиссиа ахантәаҩы Светлана Қорсаиаԥҳа.
"Алхрақәа мҩаԥысит аиҩызаратә, иуҳәар ауеит аныҳәатә ҟазшьа рыманы. Ҩыџьа акандидатцәа ықәгылан. Рҩыџьагьы ибзианы иаадыруаз роуп. Аус еицаауан. Алхрақәа азакәан иақәшәо имҩаԥган", — лҳәеит Қорсаиаԥҳа.
Алхрақәа рхы рыладырхәит аинститут аусзуҩцәа 110-ҩык рҟынтәи 93-ҩык.
"Бжьеиҳала далхуп Арда Ашәба", — лҳәеит акомиссиа ахантәаҩы.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт еиҿкаан 1925 шықәса рзы, Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ҳәа хьӡыс иаҭаны. 1930 шықәсазы аҵаразы Аԥсны жәлар ркомиссариат иаднакылеит ақәҵара Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ахьӡ ԥсахзарц аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы Аԥсуаҭҵааратә институт ҳәа.
Шықәсык ааҵхьаны, 1931 шықәса нанҳәамзазы ахьӡ рыԥсахит атәылаҿацәҭҵаара Аԥснытәи аҭҵаарадырратә институт ҳәа. Аинститут ахьӡ акырынтә аԥсахрақәа ақәшәахьан: 1935 ш. рзы – Аԥсуа культура аинститут; 1939ш. рзы – академик Марр ихьӡ зху аԥсуа бызшәеи аҭоурыхи рыҭҵааразы аинститут; 1950ш. рзы – аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Ринститут; 1994ш. инаркны Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут.