"Ауаҩытәыҩса рыԥсҭазаараҿгьы аҿиара иадҳәалоуп ари аныҳәа. Аҭаацәа ҿыцқәа раԥҵара, аԥсҭазаара ԥхьаҟа ацара. Хәажәкыра, даҽакала иашьҭоуп — анасыԥ аныҳәа ҳәа. Ахәажә иагәыларҵо арасатә-ҵәы, анасыԥ-ҵәы ҳәа иашьҭоуп ", — ҳәа лҳәеит аҵарауаҩ.
Аетнолог Цира Габниаԥҳа далацәажәеит хәажәкыра аныҳәа азгәаҭара ҵакыс иамоу
Цира Габниаԥҳа лажәақәа рыла, хәажәкыра аиҳарак изызку аҿар роуп, аха аиҳабырагьы алахәны имҩаԥыргоит.