Москва Хомстәи ахҭысқәа ирықәыӡбоит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Адәныҟаполитикатә усбарҭа
Урыстәыла Адәныҟаполитикатә усбарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы иазгәарҭоит Астанеи Женевеи имҩаԥысуа аҽазышәарақәа нагӡатәуп ҳәа.

АҞӘА, жәабран 27 — Sputnik. Урыстәыла Адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы иазгәарҭоит Астанеи Женевеи имҩаԥысуа аҽазышәарақ́әа нагӡатәуп ҳәа, ӷәӷәала иақәыӡбоит Хомса аекстремистцәа ргыгшәыграқәа, иазгәарҭоит уи аиҿкааҩцәа рыхәҭаа иақәшәароуп ҳәа. Абри атәы аанцҳауеит РИА Новости.

Шьамтәылатәи ақалақь Хомс аҟны аҭыԥ змаз атеррористтә акт 40-ҩык ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ҿахнаҵәеит.

Асабша, Хомс, атеррористтә гәыԥ "Джебхат ан-Нусра" атеррактқәа мҩаԥнагеит. Иҭахеит 35-ҩык иреиҵамкәа.

"Москва ӷәӷәала иақәыӡбоит Хомс аҭыԥ змаз атеррористтә актқәа, аинрал Хасан Даабуль иҭахара. Асеиԥш иҟоу аумҭақәа ирықәнагоу ахәшьара рыҭатәуп", ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Адәныҟаполитикатә усбарҭаҟны иазгәарҭеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциа 2254 инақәыршәаны Шьамтәылатәи аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәҵатәуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0