Тхеквандо Адунеизегьтәи Афедерациа иалахәхоит Аԥснытәи Афедерациагьы

© AFP 2023 / Albert Gonzalez Farran Архивное фото тренировки по тхэквондо
Архивное фото тренировки по тхэквондо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тхеквандо Адунеизегьтәи Афедерациа 27 Ассамблеиа хада ажәадгала аҭан, аԥҟаррақәа еиҭакын, ишьақәырӷәӷәан, ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥснытәи Афедерациа апрезидент Оҭар Гогәуа.

АҞӘА, жәабран 27 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра 2017 шықәса лаҵарамзазы Тхеквандо Адунеизегьтәи Афедерациа иалахәхоит иҳәеит Аԥснытәи Афедерациа апрезидент Оҭар Гогәуа.

"Тхеквандо Аԥснытәи Афедерациа официалла иаԥҵан 2000 шықәса рзы. 2017 шықәса лаҵарамзазы Тхеквандо Адунеизегьтәи Афедерациа иалахәхоит Тхеквандо Аԥснытәи Афедерациагьы. Сара схы-сыԥсы зегьы убри иазкын, иахьа уи лабҿабахоит", — иҳәеит Оҭар Гогәуа.

Гогәуа иажәақәа рыла тхеквандо аҟны еснагьы аԥсахрақәеи аиҭакрақәеи мҩаԥыргоит.

"Тхеквандо аҟны еснагь аԥсахрақәеи аиҭакрақәеи уԥылоит. Ҳҽазыҟаҵаратә семинарқәа раан урҭ ртәы ҳарҳәалоит, ҳара ҳакәзаргьы уи ҳазыхиоуп", — иҳәеит иара.

Тхеквондо (WTF) Афедерациа ажьырныҳәа 1 2017 шықәса инаркны амчра зауа ариашарақәа рыланаҳәеит.

Урҭ амчра нагӡа роуеит алада Кореиатәи ақалақь Муджу аиндаҭларақәа анымҩаԥыслак ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0