Аҳәаахьшьцәа иазгәарҭеит аҭырқәа ӷбақәа аԥҟарақәа шеиларго

© Sputnik Роберт ДжопуаРейд в акватории Абхазии.
Рейд в акватории Абхазии. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡагьы изныкымкәа иазгәаҭан ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгатә ӷбақәа ишьақәыргылоу аԥсыӡкраз аԥҟарақәа еиларгоит ҳәа.

АҞӘА, жәабран 28 — Sputnik. Аԥсыӡкразы иарку Гагра — Пицунда араионқәа рҟны ирбеит аҭырқәа ԥсыӡкыга ӷбақәа "Коломбо Балык Чалык – 3", "Бафрали – 3". Дара зинтә ҵаҵӷәыда аԥсыӡ ркуан, ҳәа адырра ҟанаҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедеративтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедеративтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа Аԥсны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩи Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩи ирзынарышьҭит иазгәарҭаз адыррақәа.

Аԥсны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аӡбрала иарбоу аӷбақәа ркаԥданцәа Аҟәаҟа инарыԥхьоит адырраҟны иарбоу аҭагылазаашьақәа реилкааразы.

Уаанӡа аԥсыӡкреи ашәарыцаратәи спорт азы Аԥсны Афедерациа аҳәамҭа ҟанаҵахьан аԥсыӡкыгаӷбақәа ареспублика аекологиатә маҵзурақәа рыдҵақәа нарыгӡом, еиларгоит ҳәа. Ишьақәыргылоу анормақәа инарықәыршәаны аӷбақәа азин рымам амшын аԥшаҳәа 500 метра раасҭа азааигәахара.

Аԥсны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савелт Ҷыҭанаа Sputnik аинтервиу аҭо ишьақәирӷәӷәеит аԥсыӡкыгаӷбақәа жәаба инареиҳаны аԥсыӡкра аԥҟарақәа шеиларгаз, уи азы административтә хьырхәра шрықәҵаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0