Sputnik, Рада Ажьиԥҳа
"Февральтәи ареволиуциа ашьҭахь Қырҭтәыла Аԥсны ампыҵахалара аҽазнакит. Апроблема аҽарххеит. Аԥсны Қырҭтәылоуп ҳәа ашьара ауаа рыхшыҩқәа ирыларгалеит. XIX ашәышықәса аахыс иарбан мчразаалакгьы иааиз уи апроблема шыҟаз иаанхеит", — иҳәеит аҭоурых наукақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.
Урыстәылатәи аимпериаҟны амонархиа ақәгареи амчра ақәгареи Аԥсынгьы ианымԥшыр зыҟаломызт.
"Усҟантәи аамҭазы Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа аилазаара иалан. Ус анакәха уатәи апроблемақәа иаргьы рыҵаркуан. 1917 шықәса хәажәкыра 10 рзы иаԥҵан Аҟәатәи аокруг ауаажәларратә шәарҭадара акомитет. Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасаб ала иҟамызт, иҟаз аҟәатәи арратә округ акәын. Акомитет аҟны иаԥҵан аԥсуа милициа, таташь Маршьан напхгара зиҭоз", — иҳәоит Аҩӡба.
Аслан Аҩӡба иазгәеиҭеит иарбанызаалак аҭоурыхтә хҭыс ибзиоуп ма ицәгьоуп ҳәа иудукылар шауа.
"Ҳара, аҭоурыхдырыҩцәа иаадыруеит аҭоурыхтә хҭыс иарбанызаалакгьы ганкала мацара азнеира шыҟамло. Азҵаара, Февральтәи ареволиуциа ибзиаз ҳзаанагама мамзаргьы ицәгьараз ҳзаанагама ҳәа азҵаара аҭак акраамҭа алацәажәара алшоит. Аха ихымԥадоу акоуп – Февральтәи ареволиуциа Аԥсназы раԥхьатәи еиҭакран", — иҳәоит иара.
Аҭоурыхдырыҩ игәаанагарала иара аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара анырра анаҭеит.
"Аԥсны 1810 шықәса раахыс Урыстәылатәи аимпериа иалан ҳәынҭқарратә акны акәымкәа арратә округ аҳасабала. Аимпериа аҳәынҭқарратә мчра аиҭакрада Аԥсны аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргыларагьы лҵшәадан", ҳәа дцәажәоит аҭоурыхдырыҩ.
Февральтәи ареволиуциа ашьҭахь, абҵара 8 1917 шықәса рзы аԥсуа жәлар Реизара ду ааԥхьахеит аизараҟны иалырхит Аԥсны Жәлар Рхеилак.
"Ари ахеилак ҳара 1992-1993 шықәсқәа рзтәи аибашьра ҟалаанӡа иҳамаз Иреиҳаӡоу Асовет ианалогын. Февральтәи ареволиуциа ҟалаанӡа Аԥсныи Қырҭтәылеи рыбжьара иҟамыз иарбанызаалак еизыҟазаашьа ҷыдак. Қырҭтәылагьы Аԥснеиԥш еиҟароу мчыла, зинла Урыстәылатәи аимпериа иалан", — иҳәоит Аҩӡба.
Аслан Аҩӡба иазиԥхьаӡоит Февральтәи ареволиуциа Аԥсназы ихәарҭан ҳәа.
Аҭоурыхдырыҩ Аслан Аҩӡба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра
"1917 шықәсатәи Февральтәи ареволиуциеи иара иашьҭанеиуа ахҭысқәеи ирацәаны азҵаара хылҿиаақәа рымоуп. Акы – аҳәынҭқарра азҵаара аҽцәырнагеит, аҩбатәи Аԥсныи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа азҵаара шьҭнахит, ахԥатәи – Аԥсныи Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәеи еизааигәанатәит", — иҳәеит Аслан Аҩӡба.