АҞӘА, жәабран 28 — Sputnik. Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь аҵиаақәа рнаҩсангьы ианылоит, аԥстәтқәеи аԥсаатәқәеи рсиа, абри атәы иҳәеит Аԥсны аботаникатә институт адиректор, аҵарауаҩ Едуард Гәбаз.
"Аҵиаақәа рнаҩсан, Ашәҟәы ҟаԥшь ианылоит аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рсиа, уи хымԥадатәиуп. Избан акәзар, ҳгәы ҳахьуеит ашәарыцаҩцәа рхы шымҩаԥырго, ус шыҟамло деилыркаатәуп. Шәҟәыла ишьақәырӷәӷәатәуп. Аҵиаақәа рганахьала ашәҟәы ианылоит ҩажәа хкы аҵиаақәа, уи азы ҳара ҳазыхиоуп, ашәарахқәа рсиа аус адырулоит макьана", — ҳәа иҳәеит Едуард Гәбаз.
Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, 19-тәи ашәышықәсазы Аԥсны иаҭаауаз аҵарауаа иазгәарҭон шаҟа иуникалтәу Аԥсны иҟоу аҵиаақәа. Аҵарауаа иазгәарҭон Аԥсны зегьы аботаникатә баҳчоуп ҳәа.
"Азакәан ыҟамкәа Ашәҟәы ҟаԥшь зыҟалаӡомызт, иара аԥҵаразгьы аҵарауаа аусмҩаԥгатәқәа имаҷымкәа имҩаԥыргеит. Иахьа уажәраанӡагьы иаԥҵатәын Аԥсны иҟоу аҵиаақәа зыхьчо Ашәҟәы ҟаԥшь. Избанзар, Аԥсны изҳауеит адунеи аҿы џьаргьы иуԥымло 83-хкы аҵиаақәа. Дара акы анаҳцәыӡ џьаргьы иаҳзыԥшаауам", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Жәлар реизара адепутатцәа актәи ааԥхьараҿы адгылара арҭеит Аԥсны ареспублика Ашәҟәы ҟаԥшь аҭыжьразы азакәан апроект.