Зураб Џьапуа: еиҳарак аҭыԥ амоуп аҿаԥыцтә жәабжь ажанр

© Sputnik Томас ТхайцукАкадемик Зураб Џьапуа
Академик Зураб Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа жәытә-натә аахыс доуҳатә хыҵхырҭас ирымаз ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ракәын. Нас, еиқәханы иабанӡаҟоу ҳдиаспора рыҩныҵҟа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа? Иргәалашәоума Аԥснынтә иқәҵыз рабдуцәа рҳәамҭақәа, ражәабжьқәа? Абарҭқәа ртәы даҳзалацәажәоит абри ахырхарҭала Ҭырқәтәыла аус зухьоу аҵарауаҩ, академик Зураб Џьапуа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Зура Џьапуа изныкымкәа дцахьеит Ҭырқәтәыла афольклортә аматериалқәа ранҵаразы. Убри аԥышәа инарбеит, иахьа, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа абиԥарала иугозар, ажәабжьқәа здыруа, аԥсышәала ицәажәо, адиалекттә ҷыдарақәа макьана иаазго аҵыхәтәантәи абиԥарақәа шракәу инханы иҟоу. Уи аҳәара гәаӷьыуацәазаргьы, ус ауп ишыҟоу аҭагылазаашьа.  

"Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо даараӡа аҭыԥқәа рацәоуп. Ҳныҟәарақәа руак аҟынтәи сазааҭгылоит Ҵабаала ахьынхо аҭыԥқәа. Уа инхо аԥсуаа џьаракны еицынхаӡом, ус уҳәар ауазар, иԥсаҟьаны иалаԥсоуп. Енегиоль ақалақь иаҵанакуа ақыҭақәа Мезиҭ, Қаҩаа рқыҭа, Кәарақьеҩ уҳәа аҭыԥқәа ҳарҭааит. Имаҷҩым уа инхо аԥсуаа. Анаҩс, Есқьишьеҳир иаҵанакуа аԥсуа қыҭақәа ҳрылсит. Иалыскааит ажәабжьҳәаҩцәа бзиақәа: Қадаль Гәылиа, Фуаҭ Быҭәба, Недим Агрба, Ақаҩба Ченгиз", — ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Белеџьиқ ақалақь иаҵанакуа ақыҭақәа рацәоуп. Иҟоуп Алынџьа ҳәа аԥсуа қыҭа. Аԥсуаа рыда ари ақыҭаҿы уаҳа уаҩ дынхаӡом. Арӡынаа рыҩны ажәабжьҳәаҩцәа бзиақәа еизеит, ирацәажәеит, ианырҵеит. Ақыҭа Саарлыч, Ҟарачԥҳа Фаҳиа захьӡыз ҭакәажә бзиак дынхон, 90 шықәса инареиҳаны илхыҵуан, ирзеиҭалҳәаз рацәоуп.

"Қәҭаҳиа ақалақь иаҵанакуа Аиқырқчы, Кызылџьор ақыҭақәа рҿы даараӡа аилаӡҩарақәа ҟалахьеит. Аха, макьаназы аԥсшәа аԥсы ҭоуп, иануҵаша иҭуҵааша маҷым. Кызылџьор даара ишьха қыҭоуп, уаҟа инхо Хылԥахҵәа Сиҭ ҳәа ҭаҳмадак даара алакәқәа ҳзеиҭеиҳәеит, аетнгографиатә материалқәа азҿлымҳара зуҭаша акырӡа ыҟан. Измиҭ иаҵанакуа ақыҭақәа рҿы аус ҳуан исыцыз сҩызцәагьы саргьы", — иҳәеит Џьапуа.

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, афилологиатә факультет адекан Арда Ашәба - Sputnik Аҧсны
Арда Ашәба: аҭацеи абхәеи реизыҟазаашьа акыр ухнахыртә иҟоуп

Аԥсуа қыҭақәа рыхьӡқәа еиқәхеит аԥсуаа рацәаҩны иахьынхоз ақыҭақәа рҿы. Иаҳҳәап, Ԥсырӡха, Аԥсара, Џьгьарда, Калдахәара, Есма-Ҳаным… Даара иахӡыӡаауеит, ахьчара иашьҭоуп дара рфольклор. Убраҟа дыҟоуп Сым-сым Сельчуқ, даара аҭоурых, аетнографиа, аҿаԥыцтә рҿиамҭақәа рыҭҵаара дазҿлымҳауп, ҷыдала асаит аԥиҵеит. Иара, Адаԥазар Балбала ақыҭаҿы дынхоит, даара иџьабаақәа рацәоуп абарҭ аусқәа рхырҭала.

Аԥсуаа рхеидкылақәа зегьынџьара еиҿкаауп, рыбла аҷыц еиԥш ирыхьчоит аԥсуара аҵасқәа ақьабызқәа. Уи иазгәыдуны, еигәырӷьаны иӡырыргоит, инеилак идырбоит.  

"Сара иҟасҵаз алкаа ала, еиҳарак аҭыԥ амоуп аҿаԥыцтә жәабжь ажанр, нас амифалогиатә дунеихәаԥшышьа иахылҵуа ашәақәеи, аҳәамҭақәеи. Иаҳҳәап, лассы-лассы ирҳәоит "Ӡиуау" иазку аритуал, уи аҟаҵашьа, иацу ажәақәа. Ҭырқәтәыла даара ибзианы иргәалашәоит уи, егьеиҭарҳәоит. "Ахдырлаз" захьӡу аритуал амҩаԥгашьа уа иазгәарҭоит, Аԥсны еиҳа ирхашҭхьеит. Џьанашьиа ианҵамҭақәа рҿы иуԥылоит уи аныҳәара ҵакыс иамоу, мамзар уажәтәи ҳаамҭаҿы иузанҵаӡом", — ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Амифалогиатә ҳәамҭақәа, афырхаҵаратә ашәақәеи, аҳәамҭақәеи рацәаны иуԥылоит. Уа ибзианы ирдыруеит Ажьгьери-иԥа Қәучуқә, Инаԥҳа Кьагәа, Ашәы Данаҟаи уҳәа ирызку афырхаҵаратә ашәақәа. Иара убас, ахәыҷтәы фольклор маҷымкәа ргәалашәараҿы инхеит. Алакәқәа рацәаны ирдыруеит. Урҭ алакәқәа рҟны мрагыларатәи амотивқәа рнырра уамак иубаӡом, ишыцқьоу, рабдуцәа рҟынтәи ишыргаз иҟоушәа ибоит аҵарауаҩ.

"Иааџьоушьаратәы алафқәа рацәоуп. Ирзырҳәои абас еиԥш агәаҟра зхызгаз ауаа алаф? Сара сызлахәаԥшуа ала, ахеиқәырхаразы акәхап… Аԥсшәа здыруа  аиҳабацәа рнаҩс, иуадаҩхоит ахатәы бызшәа аҭагылазаашьа.  Уи аиқәырхаразы аметодқәа ԥшаатәуп. Ҳара ҳхықәкы — аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора иахьынӡауа Аԥсныҟа рырхынҳәра. Ҳара аҭҵаара аус ҳнапы алакуп, аха ас еиԥш иҟоу азҵаара ҳаҩсыр ҟалаӡом", — ҳәа иҳәеит Џьапуа.

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа, аҿарацәа еиҳаракгьы гәыла-ԥсыла иҟоуп. Аԥсны ианааилак иахәҭоу анапы анырмоулак, ргәы каҳауеит. Адиаспора иазку аҳәынҭқарратә программа аус ауроуп. Зегь раԥхьа иргыланы иаауа азеиԥш нхарҭала еиқәыршәатәуп, аԥара ршәозаргьы иахәҭоу аҭагылазаашьа аԥҵатәуп, дареи ҳареи агәреибагара ҳабжьазароуп. Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа даара ирызҿлымҳауп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0