АҞӘА, хәажәкыра 1— Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар ринструментқәа рфестиваль "Аԥхьарца" мҩаԥган Аҟәа хәажәкыра 1 аҽны.
"Афестиваль аҿар рыбжьара жәлар ринструментқәеи рашәақәеи апропаганда азуреи аларҵәареи рзы имҩаҧаҳгоит. Уи еицырдыруа амузыкатә коллективқәеи жәлар ринструментқәа рыла ашәақәа рынагӡаҩцәеи рхы аладырхәоит", – ҳәа иҳәеит жәлар рҟазара ареспубликатә центр анаҧхгаҩы Нури Кәарҷиа.
Кәарҷиа иажәақәа рыла, афестиваль мҩаԥыргоижьҭеи иҵуеит бжь-шықәса. Иара анхацдыркоз инаркны иахьанӡа рхықәкы анагӡара иаҿуп. Егьырҭ афестивальқәа излареиԥшым ари афестиваль ҷыдарак амоуп, иҳәеит Нури Кәарҷиа.
"Иахьатәи ҳфестиваль аӡбахә заҳаз аколлектив "Бза-Бза" Ҟабарда-Балкариантәи иаҳзааит. Жәлар рдоуҳа, ркультура аиқәырхара иацхраауеит абас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа", — азгәеиҭеит иара.
Ахәаԥшцәа асценаҟны ирбоз ираҳауаз ргәы иаахәон, рнапеинҟьабжьқәа акыр аамҭа еихсыӷьра ақәмызт.
"Акырӡа иҳаранакуеит ҳара ҳгәалаҟазаара ас еиԥш иҟоу аконцертқәа. Иаҳбоит ҳаԥсуа культура аԥсы шҭоу, аҿар ишышьҭырхуа, пҳьаҟа ишырго", — лхәеит ахәаԥшҩы Амза Арышԥҳа.
Афестиваль иалахәын Гагра, Очамчыра, Пицунда, Гәдоуҭа ақалақьқәа рҿы еиҿкаау аколлективқәа.
Раԥхьаӡа акәны афестиваль мҩаԥган 2011 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь аҟны.