Аԥснытәи абитуриентцәа раԥхьаӡа акәны аргыларатә занааҭқәа алырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа
Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны абитуриентцәа рыбжьара еихшахеит Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь алимитқәа.

АҞӘА, хәажәкыра 1 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны абитуриентцәа рыбжьара еихшахеит Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь алимитқәа. Аԥснытәи абитуриентцәа раԥхьаӡа акәны аргыларатә занааҭқәа алырхит иҳәеит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа.

Габниа иажәақәа рыла иахьагьы азиндырреи амедицинеи реиҳа ргәы зызцоны иҟоу занааҭқәоуп. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет адекан Сергеи Смыр ишиҳәаз ала иахьатәи аамҭазы ареспубликаҿы азиндырыҩцәеи аекономистцәеи рыда ԥсыхәа ыҟамкәа иҟам, уи адагьы Урыстәыла ари азанааҭ аҵара хымԥадатәӡам, избанзар атәылақәа рзакәанқәа еиԥшӡам.

"Аԥсны арҭ азанааҭқәа азхаратәы иҟалахьеит. Ҳара ҳаушьҭымҭацәа рыбжаҩык аусурҭаҭыԥқәа рымамкәа иҟоуп", — иҳәеит Смыр.

Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь ицар зҭаху рхыԥхьаӡара иагхеит ҳәа. Аиҳарак ари зыдҳәало аԥышәарадкыларатә система аӷәӷәароуп.

"Иара убри аамҭазы ҵыԥх Аԥсныҟа иаашьҭын Аԥсназы рацәак ихәарҭаны иҟам азанааҭқәа ирзырхаз алимитқәа: аиадертә физика, аметаллургиа, аӡытә ӷбарныҟәара уҳәа", — иҳәеит Габниа.

Абитуриентцәа аурыс бызшәеи аԥсуа бызшәеи рзы аԥышәарақәа рҭиуан, урҭ ирыцын апрофильтә маҭәар азы аԥышәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0