00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аҟәатәи аџьармыкьа аиҭакра рыгәҭакуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа ақалақь аџьармыкьа хада
Аҟәа ақалақь аџьармыкьа хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аџьармыкьа хада аиҭакра рыгәҭакуп анапхгара. Уи азы аус адырулеит аконцепциа ҷыда.

АҞӘА, хәажәыра 3 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҟәатәи аџьармыкьа хадаҟны агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәеи ақалақь Ахадара ахаҭарнакцәеи.

"Агәаҭара иахықәкы хаданы иҟаз аџьармыкьаҟны ахәаахәҭра аҭышәныртәалароуп. Ахшаалыҵқәа адәы иқәыргыланы рыҭира, ари асанитартә нормақәа реилагароуп иаанаго. 20 шықәса иҳачҳаит, ауаа ҳрыцхраап ҳҳәеит, уажәшьҭа иазхоуп", — иҳәеит ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа.

Адепутат Семион Бжьаниа иажәақәа рыла аџьармыкьаҟны аҭирҭа ҭыԥқәа ахьыҟоу амцашәарҭадара анормақәа ирықәшәом.

"Џьара абылра ҟалар иара арцәаразы амашьынақәа рнеирҭа ыҟаӡам. Ауаагьы ишәарҭоу аҭагылазаашьа аан рықәгара уадаҩуп", — иҳәеит иара.

Аҭиҩцәа арҭ аҽыԥныҳәақәа ирықәшаҳаҭуп. Урҭ азыхиоуп иахьаҭыԥым рыхәаахәҭра аанкылара, аха иара убри аан аҭыԥ ҿыцқәа рырҭозар.

"Ара иаҭыԥым рҳәозар, сақәшаҳаҭуп. Ирҳәо сацныҟәоит, аха усеиԥш зегьы иҟарҵар", — лҳәеит аҭиҩы Инна Ҳаџьымԥҳа.

Аџьармыкьа адиректор Алхас Гәргәлиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аџьармыкьа анапхгара аконцепциа ҷыда аус шадырулаз. Уи иҟоу аҭагылазаашьа аԥсахроуп.

Иара игәаанагарала аџьармыкьа актәи аихагыла афатәаалых аҭиразы иҟазырхиатәуп, аха усеиԥш ауразы уаҟа амаҭәа-ҩыҭәа зҭиуа аҭыԥқәа рзыԥшаатәуп.

Аҟәатәи аџьармыкьа хада агәаҭара мҩаԥган Аҟәатәи ақалақьтә еизареи, апрокуратуреи. Амилициеи, асанепидемстанциеи раԥшьгарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0