Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ: гәыԥлатәи ацәгьоурақәа рацәахеит

© SputnikАԥсны Апрокуратура хада
Аԥсны Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апрокуратура хада аколлегиа мҩаԥысит Аҟәа, хәажәкыра 3 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 3 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Апрокуратура хада аколлегиа мҩаԥысит Аҟәа, хәажәкыра 3 рзы. 2015 шықәса иадкыланы уахәаԥшуазар 2016 шықәса рзы ацәгьоурақәа 13 рыла еиҳауп иҳәеит аколлегиаҟны Аԥсны Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Аршба. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит ҳкорреспондент.

Иара иазгәеиҭеит 2016 шықәса рзы ашәҟәы ишҭагало 12 цәгьоура, ақәыԥшцәа иҟарҵаз. Урҭ рыбжа изныкымкәа ацәгьа рухьеит. Уи иаанаго аусура иахәҭоу алҵшәа амам ауп.

"Абри апроблема аҭыԥ иқәызҵаша аӡбра ԥшаатәуп. Ақәыԥшцәа рхымҩаԥгашьа еиҳарак мзызны иамоу урҭ хылаԥшрада аинтернеттә ҵакыра иахьҭоу ауп", ҳәа азгәеиҭеит Аршба.

Аршба инаҵшьны иазгәеиҭеит ақәыԥшцәа аус рыцзураны иҟоу амаҵзурақәа зегьы русура акны еицымҩаԥыргалароуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0