00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Агәалашәара амҩала
Аԥсуа еибашьцәа Тамшь иӡхыҵит ԥхынгәымза 1993 шықәсазы
13:42
5 мин
Аицәажәара
"130-ҩык рышәҟәы" знапы аҵазҩыз рфотоқәа ӡыргахоит Гәдоуҭа
13:48
11 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:59
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
13 мин
Посредник
Соцподдержка детей и семей Абхазии: патронатные семья
14:21
25 мин
Такие обстоятельства
Поддержка школ Абхазии: проекты "Фирон"
14:47
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Адлеиаԥҳа: аҳҭнықалақь ашколқәа хәыԥхала еиқәыршәахоит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшколқәа хәыԥхала еиқәыршәахоит
Ашколқәа хәыԥхала еиқәыршәахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Ахадара аҵараз Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳҭнықалақь ашколқәа рҟны ахәыҷқәа рыкрыфара шеиҿкаау атәы.

АҞӘА, хәажәкыра 6 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аҟәа ақалақь Ахадара аҵараз Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳҭнықалақь ашколқәа рҟны ахәыҷқәа рыкрыфара шеиҿкаау атәы. Апрограмма "Мы за здоровье" аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳҭнықалақь ашколқәа зегьы рҟны еиҿкаахоит ахәыҷқәа хәыԥхала акрырҿаҵара ҳәа ҳалҳәеит Лиудмила Адлеиаԥҳа ҳанлыҿцәажәоз.

"Аҟәа 14 школ ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи ааба рҟны ахәыҷқәа рыкрыфарҭақәа еиҿкаауп. Егьырҭ рҟны абуфеҭқәа роуп иҟоу. Ҳәарада ахәыҷқәагьы ишахәҭоу еиԥш изчом. Исҳәар сҭахуп, ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа адгылара зиҭо апрограмма инақәыршәаны урҭ ашколқәа рҿгьы ишеиҿкаахо ииашоу афара-чара", — лҳәеит Адлеиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла ашколқәа рҟны ахәыҷқәа рыкрыфара аиҿкаашьа аинтерес змоу рацәаҩуп.

"Зегь раԥхьа иргыланы ахәыҷқәа рыкрыфара арежим иқәныҟәалатәуп. Ахәыҷы иқәра иахәҭоу авитаминқәа иоуазароуп", — лҳәеит лара.

Аусбарҭа аиҳабы иазгәалҭеит 2016 шықәса жьҭаарамзазы Аҵара аминистрра ишыҭнажьыз Адҵа "Аҵаҩцәа рыкрыфара аиҿкааразы". Уаҟа иарбоуп азеиԥшҵаратә усҳәарҭақәа рҟны зыҭира ҟалои иҟамлои аалыҵ рсиа.

"Ашколтә буфеҭқәеи акрыфарҭақәеи рҟны зны-зынла аҭирахь инаргоит ахәыҷқәа зынӡаксгьы ирзыхәарҭам. Иаҳҳәап ачипсқәа, ажувачкақәа, агаз змоу арыжәтәқәа. Абри азыԥхьагәаҭан ауп Аҵара аминистррагьы хыхь зыӡбахә сҳәаз Адҵа заднакылаз", — ҳәа лҳәеит Адлеиаԥҳа.

Аусбарҭа аиҳабы ишылҳәаз ала ахәыҷбаҳчақәа рҟны ахәыҷқәа рыфатә аҭаацәеи аҳәынҭқарреи еихшаны ахә ршәоит, ашколқәа рҟны – аҭаацәа.

Бжьаратәла ахәыҷы мышкы инихуеит 30 — 60 мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0