АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Акультуреи аҭоурых-ультуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа хәажәкыра 6 рзы лнапы аҵалҩит Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр Фазиль Искандер ихьӡ ахҵаразы Адҵа.
"Иахьа инаркны Аурыс драматә театр аҿиара амҩа ҿыц ианылоит. Ҳара ҳзы ари ҭакԥхықәра дуӡӡоуп. Искандер Ифонд иҟанаҵеит ажәалагала, абри ашьҭахь аколлектив аизара ҳаман. Абри аӡбра зегьы еицҿакрыла ирыдыркылеит. Ииашоуп ҳәа азаҳаԥхьаӡоит. Фазиль Искандер, шәҟәыҩҩык иҳасабала, дагьоурыс шәҟәыҩҩуп, дагьаԥсуа шәҟәыҩҩуп. Аурыси аԥсуеи культурақәа еимаздо цҳаны дыҟан, дагьаанхоит", — иҳәеит РУСДРАМ адиректор Иракли Хынҭәба.
Атеатр аурыси адунеитәи акультурақәа аԥсуа культура иалазгало акакәны иҟоуп.
"Ҳара аԥсуа культура ҳахәҭакны ҳаҟоуп, убри азы ажәалагала иаразнакы адгылара аиуит атәыла анапхгара рганахь алагьы. Ҳара ҳакәзар ари ахҭыс иҵоуроу, ԥхьаҟагьы аҿиара зауа акакәны ҳахәаԥшуеит", — иҳәеит Хынҭәба.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит атеатр аҿиаразы иара Фазиль Искандер ихьӡ ахҵара аҵак ду аманы иҟоу хҭысуп ҳәа.
"Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит Фазиль ихьӡ иақәшәо аус ауразы. Ҳәарада, ҳрепертуар иалалашт Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа", инаҵшьны иазгәеиҭеит Хынҭәба.
Фазиль Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы.