Баграт Шьынқәба диижьҭеи шәы-шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит Аҟәа

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәБаграт Шьынқәба иҩны-амузеи
Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Рпоет, академик Баграт Шьынқәба диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа рыплан шьақәнарӷәӷәеит ҷыдала иаԥҵоу аҳәынҭқарратә комиссиа, хәажәкырамза 10 аҽны.

АҞӘА, хәажәкыра 10 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны Жәлар Рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, аорден "Ахьӡ-аԥша" актәи аҩаӡара занашьоу, академик Баграт Шьынқәба диижьҭеи 100 шықәса аҵра азгәарҭоит апоет имш иира аҽны, лаҵарамза 12 аҽны.

Баграт Уасил-иҧа аҧсуа литератураҿы, ҳажәлар рҭоурых аҿы аҭыҧ дуӡӡа ааникылоит. Уи ирҿиамҭақәа рҵакы еилкааны лассы-лассы ҳрызхьаҧшлар амҩа иаша ҳақәырҵоит иахьагьы, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц.

"Баграт Шьынқәба ииубилеи ҳаракыла азгәаҭара ҭакԥхықәра дууп. Акомиссиа алахәылацәа ибзиаӡаны ҳазхәыцны аплан шьақәҳаргылароуп. Иҟоуп аплан иарбоу, ҳазлагахьоу ауснагӡатәқәа. Аԥсуа телехәаԥшреи, Аԥсны ажурналистцәа реидгылеи, ашколқәеи рыҟны аусурақәа напы аркуп", — ҳәа иҳәеит Аԥыза–министр Беслан Барцыц.

Акомиссиа алахәылацәа ражәалагалақәа ируакуп Баграт Шьынқәба иалкаау иҩымҭақәа, ипоезиа, ипроза — аԥсышәалеи урысшәалеи ииубилеи азы аҭыжьра.

"Ҳәарас иаҭахузеи, хәыҷык ихьшәаны Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа реиҭаҭыжьразы аиқәыршәара ҳалагеит. Иахьазы ҳнапаҿы иҳамазар акәын дара ихианы. Иахьазы аматериал еиқәыршәаны ашәҟәыҭыжьырҭаҿы иҟоуп. Аиубилеи азы иахьӡап ҳәа сгәы иаанагоит. Аиубилеи иалахәхои ҳара ҳзгьы иҳамҭаны иҟалап арҭ ашәҟәқәа", — ҳәа иҳәеит ашәҟәыҩҩы Мушьни Лашәриа.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ирыланаҳәеит "Ажәа — амалқәа зегьы ирмалуп" ҳәа зыхьӡу аконкурс.

"Аԥснытәи ажурналистцәа ирыдаагалеит аиндаҭлара Баграт Шьынқәба ирҿиара иазкны. Иара убас, ҳара "Абаза" ателехәаԥшраҟны иҭаҳхьан Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа ирылху авидео-сахьанҵақәа, уи апроект иацаҳҵар ҳалшоит ацхыраара ҳаур", — ҳәа иҳәеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

Аԥсны акультура министр Ельвира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, апоет имш иира лаҵарамза 12 аҽны, Аҟәа еиҿкаахоит Баграт Шьынқәба изку инарҭбаау афотоцәыргақәҵа.

"Баграт Уасил–иԥа имоҭа дҳацырхрааны аиқәыршәара ҳаҿуп афотоальбом, иара убасгьы ихадоу ахәылԥаз амҩаԥгара. Арежиссиори арҿиаратә гәыԥи рус напы адыркхьеит. Иара убас, ихадоу ацәыргақәҵатә зал рыҩ-залк аҟны имҩаԥаагоит ацәыргақәҵа. Залк аҟны ицәыргақәҵҟахоит Баграт Уасил-иԥа иԥсҭазаареи, ирҿиаратә мҩеи аазырԥшуа афотоархив, егьи аҟны апоет иҩымҭақәа ирылхны, мотивс ишьҭыхны ҳаԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа", — ҳәа лҳәеит акультура аминистр.

Иара убас, Баграт Шьынқәба ишәышықәсхыҵра иазкны имҩаԥгахоит апоет ибаҟа аҿаԥхьа жәлар рпоет иажәеинраалақәа ҿырҳәала рыԥхьареи, инагоу аҳәаанырцәтәи ауаажәларратә усзуҩцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, аинтеллигенциеи рхаҭарнакцәа алархәны аиҳабыратә иубилеитә хәылԥазы.

Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диит 1917 шықәсазы, маи 12 аҽны Ҷлоу ақыҭан. Алитературахь ишьаҿа еихигеит 1935 шықәсазы. Ироманқәа "Ацынҵәарах", "Ахаҳә еиҩса", ипоема "Ахра шкәакәа", иааидкылан иаԥҵамҭақәа зегьы аԥсуа литература "ахьтәы фонд" иахыԥхьаӡалоуп. Ирҿиамҭақәа рыла ашәақәеи акинофильмқәеи аԥҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0