Ҭамаз Гәагьиа: алхратә ҭыԥқәа азырхиоуп

© Sputnik Зафас ГамгияАԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа
Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа иаҳзеиҭеиҳәеит Апарламент ахь алхрақәа разыҟаҵара атәы.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 90% рыла алхратә ҭыԥқәа алхра иазыхиоуп иҳәеит ахәаша, хәажәкыра 10 рзы АРСМИРА аҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа.

"Избан 90%? Избанзар, ишыжәдыруеиԥш аҵыхәтәантәи амш азы ауп абжьыҭиразы абиуллетенқәа анаҳшо, Абиуллетен ауп алхрақәа алхроуп ҳәа ишьақәзыргыло", — иҳәеит иара.

Алхрақәа мышкы шрыбжьоу алхырҭатә ҭыԥқәа рахь инагахоит абжьыҭиразы акәыцҳақәа, иҳәоит Гәагьиа.

"Алхырҭатә ҭыԥқәа реиҳарак урҭ рыла еиқәҳаршәахьеит. Иара убасгьы алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы рҟны икнаҳҳахьеит алхыҩцәа рсиақәа", — иҳәоит акомиссиа ахантәаҩы.

"Аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны алхыҩцәа рсиақәа алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны алхрақәа 10 мшы шрыгу икнаҳатәуп", ҳәа азгәеиҭоит Гәагьиа.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Ажәабжьқәа зегьы
0