Таиф Аџьбеи "Аԥра шкәакәеи"

© Foto / из личного архива семьи Аджбаапоет Таиф Аџьба
апоет Таиф Аџьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьац иаӷрамгылоз ҳәа ззырҳәоз апоет Таиф Аџьба, аԥсуа-қырҭуа еибашьра алагамҭазы жьҭаара 9 1992 шықәсазы иҩны ддәылганы дыргеит ақырҭуа гвардееццәа, амшқәа еихаланы ицоит, аха Таиф ихабар уи аахыс иҟаӡам.

Sputnik, Елеонора Коӷониаԥҳа

1970-78 шықәсқәа рзы Таиф Аџьба дынхон Фрунзеи (Аидгылара) Амҳаџьырқәеи рымҩадуқәа реихагыларҭаҿы. Иԥенџьыр аҟынтәи асасааирҭа "Абхазиа" уаҿаԥшуан. Аҩны аҵаҟа иҟан акрыфарҭа. Таиф уи цәгьа алаф алихуан "сԥенџьыр ыҵарбаҟаца иасыркуан, ҵаҟантә иаауаз асоусқәа рыфҩы сыблахаҵ амыргьежьырц" ҳәа.

Таиф иԥенџьыр ахышәаҿ иазҳауан алаҳа ҵла хәыҷы. "Таиф илаҳа" рҳәон иҩызцәа, лаҳа цырак зҿамлацыз, иззымҳауаз алаҳа иахлафаауа. Уи аԥеньџьыр аҟынтәи иубарҭан асасааирҭа иаҭаауаз аҳәаанырцәтәи аҭыԥҳацәа ссирқәа рыҽырбашьа.

Таиф Аџьба ипремиа аиуразы аконкурс иалахәуп ԥшь-усумҭак - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьба ипремиа аиуразы аконкурс иалахәуп ԥшь-усумҭак

Апоет Рауль Лашәриа ианҵамҭақәа рҿы игәалаиршәон Таифи иареи "ҽырбара амшын абаӷәазахь" ишныҟәалоз. Апоет иархив аҿы иуԥылоит анемец ԥҳәызба илыҩуаз абзиабаратә шәҟәқәа: "Ах, Таиф, шаҟа угәхьаалгозеи Инга! Шаҟа сылахь еиқәнаҵозеи макьана акраамҭа ҳшеибамбо саназхәыцлакь, сыхаара, уара сухашҭыр азин умаӡам! Аҟәа еицаҳхаагаз аамҭа лакә ссирын сара сзы. Заҟа исҭахузеи абри алакә ссир дырҩегьых избар". Иҟалоит абарҭ аизыҟазаашьақәа ирыбзоуразар, акыр иаарту ибзиабаратә цәаҳәақәа:

Иҳанахеит аҵых

Бареи сареи ҳхала.

Уи еиӷьу ҽа ҳамҭак

Абаҟоу уахала!

Таиф дромантикын, адгьыл иқәгылаз, аԥсҭазаара малк ампыҵызԥаарц зҭахыз уаҩымызт. Дынхон ҭынч, ипоезиатә дунеи иҽагәылахаланы. Дыҩуан иара аԥсҭазаараҿы ихы шымҩаԥигоз инашьашәаланы.

Исгәалашәоит раԥхьатәи ҳаиԥылара. 12-ҟа шықәса схыҵуан сымаҳә Таиф дахьынхоз раԥхьаӡа санааз. Аԥшәма аҩны дыҟамызт, сара сгәы бзиамызт аҟынтә, саҳәшьа руадаҿы игылаз акаруаҭ снықәлыриеит. Ауада ԥшьыркца хәыҷы, каруаҭ заҵәык ада узыҩнаргыло иҟамызт, убас ихәыҷын. Саҳәшьа Римма агәылара даннеи инақәыршәаны, дааҩналеит ацилиндр хылԥа зхаз, зыбла агәы иаҵәаз хаҵа фархьк. Ахаан иимбац ахәыҷы ара дахьықәиаз шџьеишьаз убаратәы иҟан исыхәаԥшуаз иблақәа, аха ҳаибадырӡошәа "ибыхьуеи?" ҳәа дсызҵааит. Сара сахьышьҭаз снеилыууаа сцеит, аԥхашьара иагоз аӡӷаб хәыҷы. Аҭак сызимҭаӡеит. Саҳәшьа даныгьежь ашьҭахь, Таиф еиликааит сасра изааз ианхәыԥҳа аиҵбы шлакәыз…

Сызлацәажәо аҩны аҩбатәи аихагыла "акоммуналка" ҳәа изышьҭаз акәын. Таиф ида уаҳа ԥсыуак дынхомызт сара санахааныз. Егьырҭ ауадақәа рҿы аурыс милаҭ иаиуаз аҳәса быргцәа нхон. Ирыман ирзеиԥшыз акрыфарҭазы иалхыз уада хәыҷык. Аҿыӡәӡәарҭеи ашьашьмеи адәахьы иҟан. Акоридор ҳәа изышьҭоу ҳазааҭгылозар, ихәхәаӡа, Фрунзе аганахьтә амшын ԥшаҳәахьы ахы хан. Уахьындәылҵуаз абарҵа уанаақәгылалак амшын агәы унхыԥшылон. Акоридор еиҩнашон, наҟ-ааҟ иамаз ауада хәыҷқәа. Ишакәым бжьык ҩныҩуамызт. Ҭынчран. Инхоз реиҳараҩык быргцәан. Абри аҭынчреи ауада ԥшьыркцеи ианрасакьаҳәымҭаз апоет Таиф Аџьба иаԥиҵеит иреиӷьу илирикатә жәеинраалақәа зну: "Аҵхи амши", "Амш ианцло", "Сара сҭынчра", "Ааԥын ашәа" захьӡу ашәҟәқәа.

Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа шьаҭаркуп апоет имшира, хәажәкыра 11 аҽны. - Sputnik Аҧсны
Раԥхьаӡа Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа аԥҵоуп

Ҟазшьала дуаҩ ҭынчын, ибжьы шамаха ирдуны дцәажәомызт, ишакәым аӡәы дихцәажәогьы ҟамлацызт Таиф. Амала, алаф иҳәон, аирониа наҵаҵаны, убри алагьы иааирԥшуан икәыршаны иҟоу адунеи иану ауаа дшырзыҟаз.

"Аԥра шкәакәа" ахыбраҿы Таиф дынхон ҩыџьа ахшара иоуаанӡа, нас 1979 шықәса анҵәамҭазы аҳәынҭқарра Аҟәа "Аҳабла ҿыц" аҩны еихагылақәа руак аҿы х-уаҭахк змаз ауада изалнахит.

Аибашьра аԥхьа убра Таифраа рҿы сынхон саргьы. Уаҟа иара изалхын уадак, иман абиблиотека, астол, нас уи иқәгылаз акьыԥхьга машьына. Абыржәгьы слымҳа иҭаҩуеит, Таиф иуада иҽыҩнакны аус аниуаз икьыԥхьга машьына аҷах-аҷахҳәа иахылҵуаз ашьҭыбжь. Знымзар-зны Таиф ихы дахыҽхәо, ихазы премиак, ма хьӡык дашьҭаны сгәалашәом. Таиф аибашьра алагамҭазы аус иуан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы литератуатә консультантс. Напхгара ҭыԥк ахаангьы дашьҭамызт, дашьҭаларгьы изҭодаз. Асоветтә система амаа зкыз, апартиа иазкны ажәеинраалақәа змыҩуаз апоетцәа уамак рылаҿ иааиуамызт. Иара апоет иакәзар, епиграммамзар акгьы азикуамызт уи асистема: "Аизара еизароуп, ианеиза ирыӡбароуп, егьи зегь барбарроуп"…

Иахьа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа иаура мариаӡахазар, усҟантәи аамҭазы Таиф зныкгьы дықәдмыргылацызт. "Иацу аԥара цәгьам акәымзар, иабасҭаху ахьыӡ" иҳәон иара ихы дахлафаауа, "апремиа аиуразы уара узықәдмыргылои?" ҳәа азҵаара анисҭалак. 

Таиф Аџьба аполитка даламызт, аха ирҿиарала ижәлар рхьаа еснагь дахаҵгылон, иааџьоушьаратәы асистема иаҿагылоз ажәеинраалақәа рзикуан апартиа иахагылаз:

Ажәлар рыхьӡалоуп ишааиуа,

Ажәлар рныҳәаҿагьы ркуеит,

Аӡәгьы дрыцҳаршьом изиааиуа_

Ажәлар рымчра дадыргоит…

Аҽӡыргара бзиа изымбоз апоет, еснагь инапы злакыз рҿиаран. Аха, иазгәаҭатәуп ахәыҷқәа рааӡараҿы иԥшәма ԥҳәыс дышлыцхраауаз, аџьармыкьаҿы ицаны ахәаахәҭразы дхьысҳан ҳамҳәозар. Апоет ихәыҷтәы поезиа ҳазааҭгылозар, урҭ рыҩра иара далагеит акыр ихьшәаны, 1983 шықәсазы Москваҟа алитературатә институт ахь данца ашьҭахь. Иҟалап ихәыҷқәа рыгәхьаагара иарҵысызар иҟаимаҭу ихәыҷтәы поезиа.

Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Аԥхьаҩ дызмоу ашәҟәыҩҩы

Аибашьра ианалагоз Таиф дахьынхоз "Аҳабла ҿыц" аҿы имаз ауадақәа, раԥхьатәи инхарҭа аасҭа акыр иҭбаазагьы, зегь акоуп, иара ирлас-ырлас дазыхынҳәуан иқәыԥшра ахьихигаз "Аԥра шкәакәа" ҳәа аибашьра ашьҭахь изыхьӡырҵаз ахыбра ахьгылоу имҩаԥысуаз ахҭысқәеи агәалашәарақәеи. Игәалаиршәон уи иуада хәыҷ аҿы иҩызцәеи иареи реиԥыларақәа. Ажәакала, ари аҭып апоет Таиф Аџьба изы иԥшьаз, ихәыцра иалаз акәын.

Аибашьра анцоз ҳазлацәажәо аҩны аахақәа аиуит, ианеилга уаҟа аӡәгьы дынхомызт. Игылан уи ахыбра аибашьра ишалҵыз убаратәы изаҵәӡа… Аха нас, ас аҭыԥ ԥшӡараҿы ари аҩны ҭацәны иаанзыжьуадаз. Зин аныҟамыз ирҭиит, исасааирҭахеит, хьӡысгьы иаиуит "Аԥра шкәакәа". Апоет иԥенџьыргьы нымхаӡеит, Аидгылара амҩаду аганахь аҩны аиҭакрақәа аныԥшит. Аԥенџьыр аҭыԥан иаанахәеит асоф, апоет илаҳа ҵлагьы иара иеиԥш хабарада ибжьаӡит…

Аамҭа цон. Апоет иҩызцәа ари аҩны ианавсуаз иааргәалашәон Таиф Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа аганахьала абарҵа данаақәгылозтәи асахьақәа. Ажәакала, Владимир Занҭариа иаԥшьгарала иӡбын "Абра дынхон апоет Таиф Аџьба" ҳәа аҩны аҭӡамцаҿ аҩыра кыдҵазарц. Уи аҩыза ақәҵара рыдыркылеит Аҟәа ақалақь еизараҿы. Аха, ари иаҿагылеит асасаааирҭа зтәыз. Апоет хабарда дыбжьазырӡыз ҳаӷацәа ҳхыччартәы иҭыӡшәахеит. Аҳәынҭқарра амемориалтә ӷәы акыдҵара азин шамоугьы, аԥшәмацәа абри аус иаҿагылеит "Таиф ара дынхомызт" ҳәа. Рашәарамза 24 2011 шықәсазы "Аԥра шкәакәа" аҿаԥхьа имҩаԥысит амитинг маҷ. Ари иаднагалаз ауаа ирзымбатәбарахеит Таиф исахьа лаша зну амемориал акыдҵара аԥшәмацәа ахьақәшаҳаҭымхоз. Зегь акоуп амемориал кыдырҵеит. Таиф абри заа ицәа иалашәахьазшәа "Сыхьӡ" захьӡыз ажәеинраалаҿы иҩхьан.

Ари ахыбра иахылҿиаауа аҭыӡшәа уи ала инымҵәаӡеит. Аамҭаказ "Аԥра шкәакәа" аԥшәмацәа ирыӡбеит атротуар ртәыртәырц. Иаакәыршан ажра алдара иалагеит. Ааигәа-сигәа инхоз ауаа ақалақь администрациахь адырра ҟарҵан, еимарыԥсеит абизнес ада хәыцырҭа змам идырҿиаз ажра. Ҭынчран аамҭаказ. 

Агазеҭ Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Агазеҭ "Аԥсны", нас уи аԥхьаҩцәа

Дук мырҵыкәа еилкаахеит "Аԥра шкәакәа" даҽа џьоукы ишаархәаз. Уи хьӡысгьы иамоуп "Абхазские каникулы". Аԥсуа хьӡы аҭара усгьы рхы иҭамшәеит… Ари аԥшәмацәагьы мҽхакы ҭбаала аусура иалагеит. Сынтәатәи ашықәс ҿыцазтәи аԥсшьара мшқәа раамҭазы, амшын ԥшаҳәаҿы иԥшахьарсуаз, зықалақь бзиа избо ауаа игәарҭеит, аҩны акәша-мыкәша атротуарқәа ҭахкааны ишыҟарҵаз. Дырҩагьых аҭыӡшәа. Дыраҩгьых зинда иҵарсыз ашьаҟақәа рыҵхра…

Таиф Аџьба диит март 11 1939 шықәсазы Аҷандара ақыҭан. Ирҳәоит ааԥын иалиааз ауаа аҟазара злоу иреиуоуп ҳәа. Таиф иакәзар, аҟазара анаҩсангьы анамыс ахаҿра змаз уаҩны дымҩасит.

Апоет хабарада даныбжьаӡ ашьҭахь, аибашьра анеилгаҵәҟьа ианаршьеит Дырмит Гәлиа ипремиа, иара убас, иаԥырҵеит ахәыҷтәы литературазы Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа. Арҭ ахҭысқәа ҳаиҭадыргьежьуеит апоет "Сыхьӡ" захьӡу ифилософиахь:

Иаҳа иӷәӷәахеит ҳәа шәыҟоума санца —

Сышьҭнахуазтгьы, сышьҭнамхуази уаанӡа?! 

Уажә аабыкьа, ақырҭуа режиссиор Нана Джанелидзе апоет иԥшәма ԥҳәыс ашәҟәы лзылҩит, Таиф имшынҵа иҭылхраны иҟоу адкументалтә фильм аҿы ахархәара азин лылҭарц. Римма Коӷониаԥҳа дақәшаҳаҭымхеит, дҭазырхаз аган азин рыҭара. Апоет дызхаҭарнаку аԥсуаа ҳтәы ҳазааҭгылозар, имемориал ахькыду аҩны уажәы-уажә еихатәы шьаҟала аҭахкаара ҳҽазаҳшәоит…

Таифи сареи аҵыхәтәаны ҳаибабон аибашьра алагара мышқәак шагыз. Иара Аҷандараҟа дцон, сара ԥсшьара Соуиԥсараҟа. Убри аахыс есыҽны сгәыӷуеит, машәыршәа акәзаргьы, апет ицәаара ахьыԥшра Анцәа исаҭәеишьап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0