Илегендатәу аԥсуа вестерн: арежиссиор ииубилеи

© Фото : ukrinform.comарежиссиор Владимир Савелиев
арежиссиор Владимир Савелиев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 14 рзы еицырдыруа афильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҭыхыҩ, арежиссиор Владимир Савелиев 80 шықәса ихыҵуеит, арежиссиор имшира аҽны иара дихцәажәеит Аԥсны жәлар рартист, арежиссиор, актиор, астудиа "Аԥсныфильм" адиректор Виачеслав Аблоҭиа.

Sputnik, Владимир Бегунов

"Савелиев сара дысгәалашәоит аҟазара ду, апрофессионализм злоу, аҭыхраан изҭаху здыруа иакәны", ҳәа еиҭеиҳәоит Виачеслав Аблоҭиа.

Афильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҭыхра иалахәын еицырдыруа аԥсуа актиорцәа, Аимареи Ақыдреи руааԥсыра. Иара убрҭ аҭыԥқәа рҟны акәын афильм асиужет ахьҭырхуазгьы. Аҭыхрақәа цон 1974 шықәса лаҵарамза инаркны 1975 шықәса цәыббрамзанӡа.

Аблоҭиа иажәақәа рыла аԥхьа иазыԥхьагәаҭан афильм Владимир Машьченко иҭихуеит ҳәа. Аха иара деилахан аҟнытә Аԥсныҟа дааит Савельев. Убри аамҭазы иара иҭиххьан асахьаркыратәи адокументалтәи фильмқәеи зметраж кьаҿу ҩбаҟа фильим.

Хҭырԥа шкәакәа афильм ахьҭырхуаз аҭыԥ. - Sputnik Аҧсны
"Хҭырԥа шкәакәа": афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи

Виачеслав Аблоҭиа афильм аҟны Анзор ироль неигӡон.

"Аԥхьаҵәҟьа арежиссиор иҭихуаз сзеилкаауамызт, избанзар ахысрақәеи аҽырыҩрақәеи ракәын ҳазҿыз. Егьалымҵыр ҟалап ҳәагьы агәаанагара сыман. Усҟан СССР авестернқәа ҭырхуамызт, ишҭырхуазгьы ҳаздырамызт. "Хҭырԥа шкәакәа акәзар, ивестерн", — иҳәоит актиор.

Виачеслав Аблоҭиа игәалаиршәоит арежиссиор актиорцәа ралкааразы атеатр ахь дышнеиз.

"Савелиев ҳаспектакльқәа рахь днеиуан. Ҳшыхәмаруаз дахәаԥшуан. Ароль хадаз актиор дишьҭан. Сара иасҳәеит Томас Кәакәасқьыр азхьаԥшра ииҭарц. Иаргьы иаразнакы "ааи, ари Ҳаџьараҭ итипаж иоуп", иҳәеит".

Аблоҭиа иажәақәа рыла Савелиев изныкымкәа иҩны дтәахьан-дгылахьан. Афильм асценақәак Киев ианҭырхуаз Аԥснытәи актиорцәа иҩныҟа инеиԥхьеит. Аизыҟазаашьақәа аԥхарра рыҵан.

"Владимир Савелиев Аԥсны абжа дахысны аҭыхрақәа рзы Аимареи Ақыдреи алихит", ҳәа игәалаиршәоит Ҷлоу ақыҭа ахада Андарбеи Инаԥшьба.

"Афильм анҭырхуаз сара ашкол салгон. Аԥышәарақәа шысзыԥшызгьы сҩызцәеи сареи аурокқәа ааныжьны аҭыхрақәа рыхәаԥшраҳәа ҳцон. Зегь ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшын акульминациа – Ҳаџьараҭ Омар данишьуа асцена. Исгәалашәоит Омар дшырҵәыуоз ҳгәыла-ҳәсақәа", — иҳәоит иара.

Апполон Шьынқәба, Ҭхьынатәи ашкол арҵаҩы, Томас Кәакәасқьыр идублиорс дыҟан.

"Сара аабатәи акласс аҟны аурок мҩаԥызгон, ҳдиректор Сократ Воуба акласс данааҩналаз, — игәалаиршәоит Шьынқәба. — Иара иҳәеит: "Апполон, Аҟәантәи ауаа узааит". — Снаицдәылҵит. Томаси сареи уаанӡагьы ҳаибадыруан. Ҳаиҩызцәан. Савелиев ҳәарада дсыздыруамызт. Иара саниба "Похож, похож"— иҳәеит. Нас ишеилыскааз ала иара Томас изы адублиор дишьҭазаарын. Томаси сареи ԥшрала ҳаиԥшын, аҽыбӷаҟазара акәзар, схәыҷаахыс аҽқәа срыдҳәалан, ртәы здыруан".

Съемки. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акиноҭыԥқәа рышьҭрала

Афильм апремиера мҩаԥысит 1975 шықәса рзы, Аҟәа, акинотеатр "Аԥсны" аҟны. Аԥсны арҿиаратә интеллигенциа зегьы уа иҟан, гәахәара дула ирыдыркылеит ирбаз.

"Аиҳаракгьы насыԥ иманы ихы ибон Баграт Шьынқәба", — иҳәоит Апполон.

1975 шықәса рзы афильм иахәаԥшыртә алшара роуит Асовет Еидгыла ахәаԥшцәа зегьы. Иара убасгьы аҳәаанырцә идырбан.

Кишиниовтәи акинофестиваль аҟны аԥхьахә ҷыда ранашьан асценарист Баграт Шьынқәбеи арежиссиор Владимир Савелиеви.

"Владимир Савельеви сареи уаҳа ҳаиқәымшәеит", — иҳәоит Аблоҭиа.

Иҟоу адыррақәа рыла СССР анеилаҳа ашьҭахь Украина иҭихит афильмқәа ҩба: "Изгой" (1991ш.) "Тайна Чингисхана" (2002ш.). Уажәы аус адулара даҿуп Запорожтәи атаман Петре Калнышевски изку афильм.

Ажәабжьқәа зегьы
0