Кәыҵниа: абылра ацәыхьчаразы амаҭәахә ала ашколқәа реиқәыршәара ҳазхиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҧсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа
Аҧсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит абылра рҽацәыхьчаразы иаҧҵоу аҧҟарақәа ишрықәныҟәатәу ртәы.

АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра ахаҭарнакцәа аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рзы абылра аҽацәыхьчареи ауаажәларратә шәарҭадара ахьчареи рзы иаарту аурок мҩаҧыргеит, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аҟны  Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

"Аҧсны ашколқәа зегьы рҿы мчыбжьык ахь зны ауаажәларратә шәарҭадара ахьчаразы аурокқәа рымҩаҧгара азҧхьагәаҭаны иҳамоуп”, – ҳәа иҳәеит Аҧсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

Иара убас, ҳара абылра ацәыхьчаразы иахәҭоу амаҭәахә ала ашколқәа реиқәыршәара ҳазхиоуп, ацыиҵеит иара.

"Ахәыҷқәа иҷыдоу аҭагылазаашьақәеи, иара убас урҭ рҽацәыхьчаразы иаҧҵоу аҧҟарақәа рықәныҟәареи ртәы рзеиҭаҳҳәеит. Уи ашьҭахь, аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашкол ахыбра аҟынтәи ахәыҷқәа аевакуациа рзыруит, аиқәырхаҩцәа амца арцәареи ааха зауз реиқәырхареи рзы аимитациа ҟарҵеит", —ҳәа азгәеит Кәыҵниа.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Ас еиԥш иҟоу аиқәшәарақәа, иҳәеит Лев Кәыҵниа, имҩаԥаагоит сынтәа ашколқәа зегьы рыҟны.

"Ас еиԥш аусмҩаԥгатә акырџьара ашколқәа рыҟны имҩаԥаагахьан. Еиҳарак ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу ашколқәа рҿы  еиҿаҳкаауеит", — ҳәа иҳәеит  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.


Ажәабжьқәа зегьы
0