Пенза инаркны Самаранӡа. Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи ргострольқәа

© Фото : из архива Кристины ЭшбаЛука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи
Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи рконцертқәа мҩаԥысраны иҟоуп урыстәылатәи афилармониақәа рҟны хәажәкыра 14-20 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еицырдыруа аԥсуа артистцәа – ауапӷанарҳәаҩ Лука Гаделиеи ашәаҳәаҩ Кристина Ешԥҳаи ықәгылараны иҟоуп Пензеи Самареи ақалақьқәа рсценақәа рҟны. Агастрольқәа хацыркхоит хәажәкыра 14 рзы, жәларбжьаратәи ауарӷантә фестиваль "Penza Fest" алахәрала.

"Афестиваль – зегь раасҭа иҭбаау уарӷантә проектуп. Иара еиднакылоит адунеи атәылақәа жәпакы рҟынтәи артистцәа. Сынтәа иара иалахәхараны иҟоуп Германиа, Италиа, Британиа Ду, Венгриа, Аԥсны рҟынтәи артистцәа", — иҳәеит Лука Гаделиа.

Луки Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи рконцертқәа ирыцҵахоит Урыстәыла азал дуқәа ируаку, Волгоградтәи аконцерттә зал аҟны. Дара уа имҩаԥырго аконцерт "От барокко до современности" ахьӡуп.

Хәажәкыра 20 рзы Самаратәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуеит ахыркәшаратә концерт.

Лука Гаделиа иазгәеиҭеит аконцерттә программақәа аклассикатә музыка адагьы аԥсуа жәлар рмилаҭтә мелодиақәа рыла ишышьақәгылоу.

Иара ишиҳәо ала дара аконцертқәа ахьымҩаԥыргалакгьы аԥсуа милаҭтә мелодиақәа даара ибзианы ирыдыркылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0