Рауль Смыр Марттәи ажәылара иазкны: ақалақь ҳалаԥшуа ҳгылан

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџтәылатә еибашьраан Марттәи ажәылара иалахәыз Рауль Смыр еиҭеиҳәеит арҭ амшқәа раан аҭагылазаашьа зеиԥшраз.

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Марттәи ажәылараан аӡиас Гәымсҭа ҳарны Аҟәа уахьыналло ҳнеит, ақалақь ҳалаԥшуан, иҳәеит Афон-Ешыратәи абаталион иалаз Рауль Смыр.

"Ҳара ҳгәыԥ Аҟәа уахьыҩхало 16 еихагыла змоу аҩны ашьапаҟны ҳнеит, убра ҳҽырмазеины ҳтәаны ҳаршеит", — азгәеиҭеит уи.

Аха изыхҟьазаалакгьы ари ажәылара иаҭахыз ауаа залахәымхеит, уи аҟнытә уи алҵшәа аимуит.

"Асааҭ аказы ҳара ҳахьыҟаз аҭыԥ аҟынтәи ақалақь ҳалаԥшуа аҟынӡа ҳнеит ахәшәтәырҭа ахьыҟоу. Уаанӡа ҳнеины ҳгьежьны ҳнеины ҳтәеит, ақалақь уаллозар уаллартә еиԥш убриаҟара иҭынчран, аӷацәагьы наҟ инаскьаны иҟан", — иҳәеит аибашьҩы.

Аха аԥсуа ар шеиҵахаз анырба, асааҭ акы инаркны аӷацәа ажәылара ӷәӷәа мҩаԥыргеит.

"Убри ажәылара инаркны, аџьабаақәа маҷымкәа ҳрықәшәеит, уаҟа амацәаз иҭаркыз ҟалеит", — азгәеиҭеит Смыр.

Афон-Ешыратәи агәыԥ 67-ҩык аибашьцәа ахьаҵра анрықәшәа хәҩык раҟара рҽааныркылеит рҩызцәа алҵра рылшарц азы, урҭ дыруаӡәкын Рауль Смыр.

Афон-Ешыратәи абаталион иалаз Рауль Смыр Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Ҳахәҩык иаанхаз ауадаҩрақәа ҳрықәшәеит. Урҭ амацәаз ҳҭаркит, уаҟа дызгара ахәра ӷәӷәа иоуит Аҩӡба Замир, иԥсы шҭаз аҟәара аҟынӡа днаҳгеит аха ԥшьымш дымнеикәа иԥсҭазаара далҵит", — иҳәеит Смыр.

Марттәи ажәылара ахаан исхамышҭуа сгәалашәараҿы инхаз аибашьра ахҭысқәа иреиуоуп, иҳәеит Рауль Смыр. 

Ажәабжьқәа зегьы
0