Амҵәышәмпыл азы Аԥсны ачемпионат иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмҵәышәмпыл азы Аԥсны ачемпионат иалагеит
Амҵәышәмпыл азы Аԥсны ачемпионат иалагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акомандақәа фба еицлабраны иҟоуп амҵәышәмпыл азы Аԥсны ачемпионат аҟны, лҳәеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟаза хада Жанна Занҭариаԥҳа.

АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны есышықәса имҩаԥысуеит амҵәышәымпыл азы ачемпионат. Акомандақәа фба еицлабраны иҟоуп амҵәышәмпыл азы Аԥсны ачемпионат аҟны лҳәеит ҳкорреспондент дзыҿцәажәоз абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟаза хада Жанна Занҭариаԥҳа.

"Акомандақәа фба ачемпионат иалахәхоит. Сынтәа ачемпионат иалахәхоит Галтәи акомандагьы. Аҟәа ақалақь иқәнаргылеит акомандақәа ҩба", — лҳәеит Занҭариаԥҳа.

Иара убри аан лгәы иалсны иазгәалҭеит Тҟәарчали Очамчыреи ркомандақәа шықәыдмыргылаз.

Занҭариаԥҳа илҳәеит ачемпионат аиҿкаара ишацхрааз амҵәышәымпыл азы Аԥсны Афедерациа.

"Афедерациа апрезидент Ҭимур Бганба амҵәышәымпыл даара бзиа ибоит. Ари аспорт ахкы аҿиаразы иҟаиҵо рацәоуп", — лҳәеит лара.

Уаанӡа Афедерациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҭимур Лакрба уаанӡа иҳәахьан акомандақәа ҩ-гәыԥкны еихшахоит, алкааратә хәмаррақәа рышьҭахь ииааиуа ҩба-ҩба команда афиналбжахь инеиуеит, насоуп афиналистцәа аналххо ҳәа.

Амҵәышәымпыл азы Аԥсны Ачемпионат аадыртуеит традициала хәажәкыра 16 рзы. Афиналтә хәмарра мҩаԥысуеит хәажәкыра 20 рзы. Атурнир еиҿыркааит: абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилаки амҵәышәымпыл азы Аԥсны Афедерациеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0