АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аусутә визақәа ахьрырҭо аҟәша аадыртит Аԥсны Амиграциатә маҵзураҿы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изаалыцҳаит аҟәша аиҳабы Сураниа Агрԥҳа.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи Аԥсны Аҳәынҭқарра алҵреи рыԥҟаразы" азакәан шьаҭас иҟаҵаны Аԥсны Амиграциатә маҵзура иаанартит аусутә визақәа ахьрырҭо аҟәша. Ҳаар ҳазыхиоуп аусутә визақәа рыҭара", — лҳәеит Агрԥҳа.
Аҟәша аиҳабы лажәақәа рыла авиза аиуразы ихымԥадатәиу адокументқәа рахь иаҵанакуеит:
"Амигранти иара арахь даазыԥхьо аусурҭаҭаҩи рхаҭара шьақәзыргыло ашәҟәқәа рыхкьыԥхьаа ыҟазароуп. Иҟазароуп аҳәынҭбаџь шишәахьоу азы агәраргага, аусурҭаҭаҩ уи азин шимоу азы ашәҟәы, аусутә еилаӡара", — лҳәеит Агрԥҳа.
Сураниа Агрԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит аусутә виза зауз амигрант аусура азин иоурц азы амиграциатә ҭаҩреи амедицинатә гәаҭареи дахысроуп. Лара убасгьы иазгәалҭеит Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ртәылауаа визада аиҭанеиааираз аиқәшаҳаҭра рыбжьазар, урҭ аусуразы апатент рыҭахоит ҳәа.
"Ҳәарада еиҳарак аусураз арахь иаауа Абжьаратәи Азиаа роуп. Иара убасгьы арахь усураҳәа иаауеит амолдаванцәа, урыстәылаа, аҭырқәцәа", — лҳәоит аҟәша аиҳабы.
2011 шықәса инаркны 2015 шықәса рҟынӡа Амиграциатә маҵзура аусуразы 15 000 зин ҟанаҵахьеит. Убри аан ареспублика абиуџьет ахь инеихьеит 61,6 миллион мааҭ баџь ҳасабла.